Аҟәа ақалақь аҿы Аԥснытәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны - ԥхьаҟатәи аинвестициақәа» аихшьаалақәа ҟарҵеит.
Апленартә еилатәара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Новак, Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика ахада Алан Гаглоев.
Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
Афорум аркра ацеремониаҿы иқәгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, Аԥсны Аҳәынҭқарра рԥыза - министр Владимир Делба, Урыстәыла Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Новак.
Афорум «Аԥсны - ԥхьаҟатәи аинвестициақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы рыҵаҩын 30 инареиҳаны аиқәшаҳаҭрақәеи амеморандумқәеи, имҩаԥысит Аԥсны аекономика аҿиара ахырхарҭа хадақәа рзы астол гьежьқәа 6, имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа реилатәареи егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи.