Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиҿцәажәарақәа рҿы иҟаиҵаз алагалажәа. Москва, 2024 шықәса жьҭаара 4

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиҿцәажәарақәа рҿы иҟаиҵаз алагалажәа. Москва, 2024 шықәса жьҭаара 4
4 October 2024 292

Даараӡа иҭабуп... Шәара шәхаҭа ишәгәалашәеит шәареи сареи ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа анҳабжьаҳҵоз аамҭақәа, анаҩс уи ашьҭахь ҳусбарҭақәа рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра анҳабжьаҳҵаз аамҭақәа. Ари аамҭахҵәаха, ҳәарас иаҭахузеи, ҳажәлар рзы лахьынҵан, избан акәзар, ҳажәлар рабиԥарақәа жәпакы ахьыԥшымразы ирымаз аԥхыӡ наӡеит.

Урыстәылатәи Афедерациа – ООН Ашәарҭадаратә Хеилак иалахәу, аиадертә бџьар змоу, адунеи аҿы иреиҳау атәыла азхаҵара, жәаҳәарада, ҳара ҳзы алшарақәа рацәаны иаанартуеит, насгьы, ишышәҳәаз еиԥш, уи нахысгьы ҳшәарҭадареи ҳекономикатә лшарақәеи рыҿиаразы алшара бзиақәа ҳазҭо аиқәшаҳаҭрақәеи аусбарҭабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи рыбжьаҵара мҩаԥысит.

2008 шықәсанӡа, Урыстәыла азхаҵара аламҭалазы, Қырҭтәыла аганахь ала агрессиа ҿыц ҟалар ҳәа ашәара ҳауаажәларратә хдырраҿы иҟазҭгьы, иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рышьҭахь, уи ашәарҭара аҵыхәтәантәи аҭыԥ ааннакылеит. Ауаа аекономика, асоциалтә зҵаарақәа рызхәыцра иалагеит. Атеррористцәеи адиверсантцәеи зыԥсҭазаара иалырхыз ҳуаа, шәҩык инареиҳаны ҳшәарҭадара зхы ақәызҵаз аҭынчрахьчаҩцәагьы уахь иналаҵаны – еснагь ҳажәлар иргәаладыршәоит.

Ари зегьы ҳаҩаҳхит, иахьа даҽа гәҭыхақәак ҳамоуп. Ҳлахьынҵа дырҩегьых ҳаиднакылеит аамҭа хьанҭақәа рзы. Ҳара ҳрегион, Аԥсны, убас еиԥш иҟоу аҭыԥ аҿы иҟоуп, иахьа адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа, адунеизегьтәи амасштаб аҿы ихҭыс дуӡӡақәоу, адунеизегьтәи асистема еиҭашьақәзыргылоу – ҳаблақәа рҿаԥхьа имҩаԥысуеит. Ари зегьы ҳара иаҳзааигәоуп: Амшын Еиқәа еиҿагыларатә зонаны иҟалеит, америкатәи аԥшыхәратә ҳаирпланқәа ара лассы-лассы ицәырҵуеит, аӷбақәа ааиуеит. Ҳара уи ҳныруеит, Азербаиџьани Ашьха-Ҟарабахи рыбжьара ахҭысқәа аныҟала ашьҭахь, Қырҭтәыла иҟанаҵои ҳәа азыԥшра ҳаҿуп. Ҳара иаадыруеит Мраҭашәаратәи атәылақәеи Украинеи Қырҭтәыла ақәыӷәӷәара шазыҟарҵо. Қырҭтәыла анапхгаҩцәа ари атәы иаартны иалацәажәоит, аҩбатәи афронт аартразы иҳагәҭасуеит рҳәоит. Украина, Урыстәыла, Иҷыдоу Арратә Операциа азонаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа, жәаҳәарада, ҳара иаабоит. Ииашаны ишәҳәеит, ҳара ҳаҷкәынцәа уа рхыԥхьаӡара рацәоуп, рыцҳарас иҟалаз, ацәыӡ дуқәагьы ыҟоуп, уи иаанарԥшуеит урҭ ишиашоу аибашьратә усмҩаԥгатәқәа ишрылахәу.

Аха ҳара ҳажәлар, Сергеи Виктор-иԥа, ишыжәдыруа еиԥш, дгылаҩцәак реиԥш руалԥшьа еснагь ламысла инарыгӡон. Аԥсуаа иарбанзаалак аполитикатә маанақәа рхы иадырхәом. Уи ауп изыхҟьаз ҳадгьыл аҿы шә-нызқьҩык ҳакәны ҳахьынхаз. Ламысла ҳабацәа руалԥшьа нарыгӡеит Актәи Адунеизегьтәи аибашьраан, уи иалахәыз аԥсуаа зегьы Гьаргь иџьарқәа рыманы ихынҳәуан, «аџьареибашьцәа» ҳәа ирышьҭан. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраан «Асовет Еидгыла афырхацәа» рсиаҿы процентла актәи аҭыԥ ааныркылеит аԥсуааи ауаԥсқәеи. Уажәы ҳара ҳаҷкәынцәагьы ламысла рыдҵақәа нарыгӡоит. Ҳара агәыӷра ҳамоуп, шәареи ҳареи иҳамоу аусеицура алшарақәа ҳзаԥнаҵоит ҳәа, иуадаҩу аҭагылазаашьаҿы ахымҩаԥгашьа ҳақәшәарц. Шәара аԥышәа дуӡӡа шәымоуп, сара, жәаҳәарада, шәылшара дуқәеи шәԥышәеи ҳасаб рзуны, шәареи сареи ҳаицхыраараҿы амҩа иаша алхра сҭахуп. Ҳара ас еиԥш аиҿцәажәара, аусеицура ҳазхиоуп.

Агәра ганы шәыҟазар шәылшоит акы, ҳара ҳҩызаратә еизыҟазаашьақәа гәыкала, ламысла ишынаҳагӡо, насгьы ишынаҳагӡало. Ҳара ҳзакәанԥҵарақәа реишьаршәалара аганахь ала, еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәеи апроектқәеи 45 ҳнапы рыҵаҳҩит, урҭ рҟынтәи 27 наҳагӡеит, егьырҭгьы аус рыдуылара ҳаҿуп. Ҳәарада, ҳҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьагьы уадаҩуп, аха, ҳара зегьы ҳҳәынҭқарра аинтересқәа хаданы иаҳшьоит, убри аҟнытә ҳара ҳуалԥшьақәа зегьы наҳагӡоит. Иҭабуп иҟашәҵо азҿлымҳаразы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови аиҿцәажәарақәа раан иҟарҵаз алагалажәақәа рверсиа нагӡаны шәахәаԥшыр шәылшоит: Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: