Мшаԥымза 19, 2026 шықәсазы Урыстәыла раԥхьаӡа акәны иазгәарҭоит агәалашәаратә рыцхә ҿыц - 1941-1945 шш. раантәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан анацистцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи иҟарҵаз асовет жәлар ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара Амш

Мшаԥымза 19, 2026 шықәсазы Урыстәыла раԥхьаӡа акәны иазгәарҭоит агәалашәаратә рыцхә ҿыц - 1941-1945 шш. раантәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан анацистцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи иҟарҵаз асовет жәлар ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара Амш
19 April 2026 79

Мшаԥымза 19, 2026 шықәсазы Урыстәыла раԥхьаӡа акәны иазгәарҭоит агәалашәаратә рыцхә ҿыц - 1941-1945 шш. раантәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан анацистцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи иҟарҵаз асовет жәлар ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара Амш.

Ари амш аҽны, 1943 шықәсазы иҭыжьын аоккупациа зызуу аҵакырақәа рҿы аҭынч уааԥсыра рықәхразы анацистцәа рполитика официалла иазгәазҭаз раԥхьатәи азинтә акт – СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Аусԥҟа № 39 «Асовет аграждантә уааԥсыреи итҟәаны иргаз арҟаԥшьааи рышьреи рыргәаҟреи зхароу анемец-фашисттә цәгьоуцәеи, ашпионцәеи, асовет тәылауаа рҟынтәи аԥсадгьыл аԥсахыҩцәеи, урҭ рыцхырааҩцәеи рзы ахьырхәратә уснагӡатәқәа рзы».

Аусԥҟа шьаҭас иҟаҵаны имҩаԥыргоз аусҭҵаарақәа раан еизгаз аматериалқәа Ниурнбергтәи атрибунали арратә цәгьоуцәа егьырҭ рыӡбаратә процессқәеи раан ашьақәырӷәӷәаратә база ихадоу хәҭаны иҟалеит. Сынтәа иара убасгьы иазгәарҭоит Ниурнберг жәларбжьаратәи арратә трибунал аусура хыркәшоуижьҭеи 80 шықәса аҵра.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ахҭысқәа ргәалашәара аиқәырхара ҳзеиԥш уалԥшьоуп. Акраҵанакуеит ииасхьоу аамҭа иазку аиаша ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рымадара, аҭоурых аицакра аҽазышәарақәа зегьы рҿагылара. Уи хымԥадатәиуп аҭоурыхтә иашара аиқәырхареи атрагедиақәа реиҭаҟалара алмыршареи рзы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: