Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра  ахҳәаа
29 September 2024 984

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла апартиа хада "Грузинская мечта - Демократическая Грузия" амаӡаныҟәгаҩ хада Каха Калаӡе Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Қарҭ Москва иаднагалоит ажәа аҟынтәи аус ахь ииасырц ҳәа ииҳәаз ашьҭахь Қарҭ Урыстәыла иаднагало азы иажәақәа рҭак ҟанаҵеит.

Убри азы инаҵшьны иаҳәоит:

Ишәгәалаҳаршәар ҳҭахын Қырҭтәыла Урыстәылеи иареи реизыҟазаашьақәа ҭышәыннартәалар шыцәгьамыз, избанзар иахьанӡа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьам. Ақырҭуа политикцәа алхрақәа рыламҭалаз «Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара» аиԥш иҟоу амифҟазшьа змоу атерминқәа ирылахәаахәҭуеит, урҭ атерминқәа рхархәара ацынхәрас адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәдыргылар еиҳа еиӷьын.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи стратегиатә еиҩызцәоуп. Аԥсны- Урыстәылатә еизыҟазаашьақәа ракәзар наҟ-ааҟгьы еицырзыфеидоу аиқәшаҳаҭрақәа рыла ишьақәырӷәӷәоуп. Арахь иаҵанакуеит урыстәылатәи арратә база Аԥсны аҟазаара, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳәаа аицыхьчара.

Ԥхьаҟатәи ҳаизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәозар, иаҳҳәоит – Қырҭтәыла аганахьала Аԥсны агәаанагара шыҟац иаанхоит. Қырҭтәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра азханаҵароуп исуверентәу ихьыԥшым аҳәынҭқарра аҳасабала, амч ахамырхәаразы азинтә документгьы анапы аҵарҩыроуп.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: