Ажәабжь ҿыцқәа

Ԥхынгәы 12 2017 шықәса рзы ООН иҟоу Қырҭтәыла Ахаҭарнак диԥылеит ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш. Аиԥылараан инаҵшьны иазгәаҭан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ауаҩытәыҩса изинқәа ишрықәныҟәо ахылаԥшразы жәларбжьаратәи амеханизмқәа раԥҵара аҵак ду аманы ишыҟоу.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны азхьаԥшра арҭеит Литва Адәныҟатәи аусқәа рминистр, иара Қырҭтәыла усутә визитла даныҟаз иҟаиҵаз аҳәамҭақәа. Аминистр даҭаан дыҟан аԥсуа-ақырҭуа ҳәынҭқарратә ҳәаа иаԥну аҭыԥқәа. Уа иара ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны азхамҵареи аҭахкаареи рус иацҵазарц, иара убасгьы урыстәылатәи амчрақәа атәыла аннаксиа азыруит ҳәа азгәеиҭеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәыӡбеит ахаша, ԥхынҷкәын 28 рзы, Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа атеррористцәа реихсра.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: