Ажәабжь ҿыцқәа
Жәабран 7 Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Алада Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Таиво Клаари реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара иалахәын иара убасгьы Алада Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда аполитикатә зҵаарақәа рзы иабжьагаҩ Еммануель Анкетиль, Алада Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда аполитикатә зҵаарақәа рзы иабжьагаҩ Мадара Силин, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Науру Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота азынанашьҭит, Ахьыԥшымра амш инадҳәаланы.
Ажьырныҳәа 25 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи ООН акоординатор, ПРООН ахаҭарнак Луиза Винтони, ООН ахәыҷтәы фонд акоординатор Гассан Халили, УВКБ ахаҭарнак Иоханнес ван дер Клаауи реиԥылара.
Венесуелатәи ахҭысқәа инарымаданы Вашингтон иҟанаҵаз аҳәамҭа иаартны аҳәынҭқарратә мчра ахҳәарахьы ааԥхьароуп ҳәа азгәарҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
22 January 2019 604
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспубликеи рыбжьара Аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра 26 шықәса ахыҵит
21 January 2019 1076
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра азхьаԥшра анаҭеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Д.Залкалиани иҳәамҭа.
18 January 2019 1132
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов диԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев.
Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит ахәыҷқәа рзы еиҿкааз ашықәсҿыцазтәи акарнавал. Аныҳәа еиҿыркааит Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭеи Москватәи аԥсуа диаспореи.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра ашьақәгылара 25-шықәса ахыҵреи Аекономист имши Адгәыр Арӡынба идиныҳәалеит.