Аԥсны Аҳәынҭқарра АдәАР ахҳәаа

Аԥсны Аҳәынҭқарра АдәАР ахҳәаа
16 September 2024 42

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра азхьаԥшра анаҭоит Қырҭтәыла Қырҭтәыла анапхгаратә партиа "Грузинская мечта" ахантәаҩы Биӡина Иванишвили Қырҭтәыла амчрақәа жьҭаара 26 рзы имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа рҟны риааира ашьҭахь 2008 шықәсазтәи аибашьразы Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рҿаԥхьа аҭамзаара ашьҭаҵаразы амчқәа шырыԥшаауа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбахә шаҵанамкуагьы иазгәаҳҭар ҳҭахуп асеиԥш аҳәамҭа– Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рыжәларқәа рахь аҭамзаара шьҭаҵаны аинышәарахь ареалтә шьаҿақәа ҟаҵазар, ииасыз аамҭа агхақәа ахәшьара ҿыц рыҭазар, аполитикатәии аекономикатәии қәыӷәӷәаратә методқәа мап рыцәкызар – ҭынчрыла аицынхареи агәылеимабзиареи рахь апроцесс раԥхьатәи ашьаҿақәа иреиуахар ауеит ҳәа.

Апатын Иванишвили иҳәамҭа иунарбоит уаанӡатәи ҳаизыҟазаашьақәа раан аиԥш Қырҭтәыла иахьагьы ишыҟоу алшара агхақәа разхаҵаразы, аҿыцхәшьара рыҭаразы.

Ишәгәалаҳаршәар ҳҭахын 1956 шықәсазы Қырҭтәыла АП АК нанҳәамзатәи апленум аҿы И. Сталини Л. Бериеи раамҭазы ақырҭуа напхгара Аԥсны аганахь ала рхымҩаԥгашьа ишақәыӡбаз.

1978 шықәса рашәара 27 июазы Едуард Шеварднаӡе Қырҭтәыла акоммунисттә партиа АК XI апленум аҿы дықәгыло иҳәеит: «Иаартны иҳәатәуп ииасхьоу, ибзианы иаадыруа аамҭақәа рзы аԥсуа жәлар рганахь ала ишовинисттә политикоуп ҳәа иаартны иззуҳәаша аполитика шымҩаԥгаз. Иҟоу шыҟоу иаартны иуҳәалароуп, избанзар уи аԥсуа милаҭ ринтересқәа реиԥш ақырҭуа милаҭ аинтересқәагьы ирҿагылоит» ҳәа. Аха ари аҳәамҭа 1992 шықәсазы Аԥсны аибашьра ахыртраан апатын Шеварднаӡе акала иԥырхагамхеит.

Ҳақәгәыӷлап апатын Иванишвили игәҭакқәа рзы игәы разны дцәажәоит, ииашоу ажәақәагьы Аԥсны ажәлар рганахь ала иԥшаауеит, Аԥсни Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рзы аҭакԥхықәра адызҵаша адокумент анапаҵаҩра аус аҟны иажәеи иуси евыгахарым ҳәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: