Ҭырқәтәыла, Азербаиџьан, Қырҭтәыла рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рминистрцәа сҭампылтәи реиԥылара аихшьаалақәа рыла, Аԥсны АдәАР иҟанаҵаз ахҳәаа

Ҭырқәтәыла, Азербаиџьан, Қырҭтәыла рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рминистрцәа сҭампылтәи реиԥылара аихшьаалақәа рыла, Аԥсны АдәАР иҟанаҵаз ахҳәаа
10 June 2026 31

Рашәара 8 рзы Сҭампыл имҩаԥысыз Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа 10-тәи х-ганктәи реиԥылара аихшьаалақәа рыла икьыԥхьыз адекларациа инадҳәаланы иазгәаҳҭоит:

Ирыдыркылаз адекларациа арегионалтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы ишьақәгылахьоу атезисқәа иреизгоуп, есышықәса ҳаамҭазтәи агеополитикатә ҭагылазаашьақәа аазырԥшуа ашаблонтә ҳәоуқәа аанарԥшуеит. Ахәҭакахьала, аихшьаалатә документ аҿы ҩаԥхьа ишьақәырӷәӷәан «Қырҭтәыла аҵакыратә акзаареи асуверенитети жәларбжьаратәи иазхаҵоу аҳәаақәа ирҭагӡаны реиҭашьақәыргылара аҵак ҷыда шамоу». Иарбоу х-ганктәи амеханизм алахәылацәа иргәаладыршәар акәхоит ас еиԥш ааԥхьарақәа зынӡа азинтә шьаҭақәа шрымам, узвалар ҟамло аҭоурыхтә фактқәа зынӡа ишрызхьамԥшуа.

Ихьыԥшым Қырҭтәыла аҳәаақәа рҿы иҟамыз «аиҭашьақәыргылара» залшом. Аԥсны Аҳәынҭқарра закәанла ҚССР иалҵит СССР еилаҳаанӡа, уи аамҭазы аус зуаз асовет закәанԥҵара - мшаԥымза 3, 1990 шықәсазы иҭыҵыз «Аидгылатә республика СССР алҵра иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара аԥҟаразы» СССР Азакәан инақәыршәаны. Уи автономтә еиҿкаарақәа рҳәынҭқарра-зинтә статус ахала аҳәаақәҵаразы рзин шьақәнарӷәӷәеит.

Уи адагьы, Қырҭтәыла иреиҳаӡоу амчратә усбарҭақәа ганкы мацарала асовет аамҭазы ишьақәгылаз иаку азинтә ҵакыра дырбгеит. 1918-1921 шықәсқәа рызтәи Адемократиатә Республика Қырҭтәыла азинмдаҩыс ахы рылаҳәаны, 1978 шықәсазтәи ҚССР Аконституциа иашам ҳәа иԥхьаӡаны, Қырҭтәыла зинла аидгылатә зинтә актқәеи аҳәынҭқарратә структурақәеи зегьы аԥнахит, уи алагьы Аԥснытәи АССР аҳәынҭқарра-зинтә еизыҟазаашьақәа ааннакылеит.

Асовет епоха иаҵанакуа аинститутқәа зегьы закәаным ҳәа иԥхьаӡаны, ақырҭуа ган асовет мчра ҟалаанӡатәи Ақырҭуа Республика иаламыз Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыра ахатәтәразы аҽазышәарақәа рзы азинтә ҵаҵӷәы ахы иамнахит. Арҭ аҭагылазаашьақәа раан Аԥсны Аҳәынҭқарра анаҩстәи аҳәынҭқарратә ргылара мҩаԥысуан азакәаншьаҭа аманы, асуверентә ҟазшьа аманы, аԥсуа жәлар ргәаҳәара инақәыршәаны.

Хазы ахәаԥшра аҭахуп «акультуратәи аҭоурыхтәи ҭынха ирҿагыло ацәгьоурақәа рҿагыларазы» адокумент аԥҟара. Ишәгәалаҳаршәоит 1992 шықәса жьҭаарамзазы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар хықәкыла ишырбылыз Аԥсуа ҳәынҭқарратә архиви Абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аԥсуа институти (АБНИИ). Хнырҳәышьа рымамкәа ирӡын аԥсуа милаҭ ркультура-ҭоурыхтә мазара агәыцә шьақәзыргылоз иуникалтәу афондқәеи, ажәытә напылаҩырақәеи, адокументқәеи. Ари еилкааны иҟаҵаз культуратә геноцид актын, Қырҭтәыла иахьа уажәраанӡагьы ари ақәҿнамҭырц иаҿуп, аҭакԥхықәрагьы адҵам.

Ҩаԥхьа ишәгәалаҳаршәоит иарбоу х-ганктәи амеханизм аганқәа арегионалтә шәарҭадара ЕАР иалахәу аҳәынҭқаррақәа жәпакы жәларбжьаратәи ззинсубиектра аххарҵаз арегион аҳәынҭқарра агәаԥхара иазхьамԥшкәа маӡалатәи аиқәшаҳаҭрақәа рыла ашьақәыргылара шзалымшо.

Адекларативтә знеишьақәа ракәымкәа, ареалтә механизмқәа шьаҭас измоу Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аекономикатә усеицуреи иҭышәынтәалоу рархитектура ашьақәыргылара алшоит Аԥсны Аҳәынҭқарра зиннаӡала, зинлеиҟараны уи иалахәызар.

Аха ари ахықәкы анагӡара иаԥырхагоуп Қырҭтәыла апозициа. Аиԥылара алҵшәақәа рыла Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Бочоришвили лҳәамҭақәа рҿы ҩаԥхьа еиҭаҳәоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра «ампыҵахалара» иадҳәалоу ибзианы еицырдыруа, адеструктивтә терминологиа. Ас еиԥш абжьахәаахәҭрақәа хьаҳәхьачарада мап рыцәкуа, урыстәылатәи арратә контингент Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа азакәаншьаҭа аманы, аус зуа ҩ-ганктәи аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны ишыҟоу атәы инаҵшьны иазгәаҳҭоит, арегион аҿы аҭынчреи ашәарҭадареи рзы узықәгәыӷша хәдықәҵараны ишыҟоу ҳҳәоит.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадара аиқәыршәаразы ихадоу шьаҿаны иҟалароуп Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа конструктивла рылахәхараз Қырҭтәыла акурс аԥсахреи Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҿагыланы амч ахамырхәаразы зинла адҵа ҟазҵо адокумент анапаҵаҩреи.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: