Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура 2025 шықәсазтәи аҳасабырба инамаданы иҟанаҵаз ахҳәаа

 Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура 2025 шықәсазтәи аҳасабырба инамаданы иҟанаҵаз ахҳәаа
29 April 2026 28

Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иакьыԥхьыз 2025 шықәсазтәи аҳасабырба Қырҭтәыла ажәытә идеологиатә догмақәа рҽырцәыхьчареи ишьақәгылаз агеополитикатә ҭагылазаашьақәа обиективла ахәшьара рыҭареи шзалымшо даҽазныктәи шьақәырӷәӷәароуп. Адокумент жәашықәсала еизыргаз, аполитизациа зызуу аклишеқәеи апропагандатә штампқәеи реизгоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитет адискредитациеи иаанхо арегионалтә ҭышәынтәаламзаара амзыз иашақәа идырны реицакреи хықәкыс иамоуп. Ақырҭуа ган «ампыҵахалара» иазкны ишьақәырӷәӷәам атезис атираж аҟаҵара иаҿуп, идырны иазхьаԥшуам Аҟәеи Москвеи реизыҟазаашьақәа аԥсуа жәлар рхы иақәиҭны ргәаҳәареи рхатәҳәаақәҵаразы рзини шьаҭас измоу зформат наӡоу аҳәынҭқаррабжьаратә партниорра аҟазшьа шрымоу.

Ҩ-ганктәи аусеицуратә комплекс зегьы, арратә, аекономикатә, агуманитартә усхкқәагьы налаҵаны, еилшәара зқәым жәларбжьаратәи азинтә уасхыр шьаҭас иамоуп, уи иахҟьаны урыстәылатәи арратә обиектқәа рыргылареи аԥсуа ган ааԥхьарала аицҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгареи Қырҭтәыла астратегиатә аанкыларазы альтернатива змам мыругоуп. Қырҭтәыла амчхархәаратә сценариқәа акыршықәса аԥыжәара шрырҭо ҳасаб азуны, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаақәа реиҿкааразы иарбанызаалак аусмҩаԥгатәқәа амилаҭтә шәарҭадара аиҿкааразы асуверентә зин закәанла анагӡара аҳасабала иахәаԥшуеит. Ари еиҳарак актуалра аманы иубоит Қырҭтәыла асанкциатә механизмқәеи аинвестициақәа раанкылареи рыла Аԥсны аҿиара иԥсабаратәымкәа аанкылара ианашьҭоу. Арҭ аҭагылазаашьақәа раан узықәгәыӷша ҳадгылаҩи ҳареи ҳусеицура аинтенсивра Аԥсны аҭышәынтәалара ашьақәгылара шасыс иазыҟалоит.

Қырҭтәыла адеструктивтә политика алогика иақәшәоит В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аусура аԥырхагахараз аҽазышәарақәагьы. Иара убас атранспорттә еимадара амодернизациа азура. Аԥсуа ган азы арҭ ашьаҿақәа астратегиатә ҵакы рымоуп аҳаиртә блокада аимжәара аконтекст ала, аҳаиреимадара аиҭарҿыцра акәзар, Қырҭтәыла жәашықәсала, цәгьацәыԥхамшьарыла иԥнакуа хақәиҭрала аныҟәара Аԥсны атәылауаа рфундаменталтә зин ишиашоу анагӡароуп. Убри инаваргыланы, Қырҭтәыла шықәсырацәала "аинтеллектуалтә ҭахкаара" мҩаԥнагоит, Аԥсны атәылауаа жәларбжьаратәи арҵаратә программақәа рахь рнеира ԥнакуеит, адыррақәа русхк аполитикатә шантаж аелемент аҳасабала ахы иархәаны. Агуманитартә еимадарақәа ральтернативтә хырхарҭақәа рыҿиара иалнаршоит арҭ аҽазышәарақәа хра рыманы реиҟаратәра, Аԥсны иҭышәынтәаланы аҿиаразы апрофессионалтә кадрқәа разыҟаҵарагьы алыршоит.

Арегионалтә шәарҭадара аконтекст аҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭатәуп Қырҭтәыла амчратә блок мҽхакы ҭбаала аинституционалтә трансформациақәа, ҷыдала адәныҟатәи аԥшыхәратә Маҵзуреи АШәМ-и 2025 шықәсазы реидкылареи, 2026 шықәсазы аусбарҭақәа ԥхьаҟатәи реизакразы акурси. Қырҭтәыла Ашәарҭадаратә маҵзура аофициалтә ҳасабырбаҿы «амилаҭтә шәарҭадара ашәарҭара» хадақәа ируакны ишрыларҳәац ирыларҳәоит Аԥсны «ампыҵахалара», уи лабҿаба иааанарԥшуеит: иарбоу ареформақәа Аԥсны асуверентә статус иаҿагыланы аресурсқәа реидкыларазы Қырҭтәыла апланқәа мап шырцәырымкуа.

Ас еиԥш анапхгараҭаратәи аоперативтәи лшарақәа реизакра иаанарԥшуеит Қырҭтәыла, аимак амчратә ӡбара апланқәа мап шырцәырымкуа, уи азы ирҿыцу анапхгараҭаратә еиҿкаара планла ишышьақәнаргыло.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: