Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа
20 June 2019 1253
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ азхьаԥшра арҭеит Қырҭтәыла Аиашахаҵара Апарламентбжьаратә Ассамблеиа  26-тәи аилатәараҿ аҭыԥ змаз ахҭыс. Асессиа аусура иалахәын МАП алахәыла-тәылақәа 25 рхаҭарнакцәа.

Атәыла аоппозициатә политикатә мчрақәа ирхаҭарнакцәоу ақырҭуа парламентарицәа асессиа аилатәара еиԥырҟьеит. Аимак-аиҿак амҩаԥысраан Апарламент адепутат, «Европейскаиа Грузиа» алахәыла  А. Бобохиӡе иқәгылараан иҳәеит Аԥсны аҵакыраҿы ауаҩшьрақәа шымҩаԥигахьо.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа  Апарламент аизараҟны иҟаҵаз «аҳәамҭа» Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд аҿы ацхантәаҩцәа азхьадырԥшраны иҟоуп.

Уи адагьы Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы имҩаԥгаз ацәгьоурақәа аартны рылацәажәара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны иазаҳаԥхьаӡоит  Қырҭтәыла Апарламент адепутат А. Бобохиӡе ашьаусӡбара дақәыршәатәуп ҳәа.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: