Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа иҟаиҵаз ахҳәаа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа иҟаиҵаз ахҳәаа
29 December 2025 90

Аԥсны Аҳәынҭқарра хшыҩзышьҭрала, еилкаарыла иазнеиуеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак М. Захарова «Sputnik Қырҭтәыла» аинтервиу аҭо илаҳәаз.

Аахыҵ Кавказ, ҷыдала Қырҭтәыла, аганахь ала Аҩадатлантикатәи алианс имҩаԥнаго аполитика аҭагылазаашьа ашьақәҟьара алзыршо аҟазшьақәа амоуп, арегионалтә шәарҭадаразы ацәшәара дуқәа ацуп ҳәа инарҵауланы, иҵаҵӷәыркны иҟаҵо ахәшьара апринциптә дгылара азааҳарԥшуеит. Иҿымцәаауа аимакқәа рзонақәа рзааигәа арра-политикатә блокқәа рыҟазаара арҭбаара ҭоурыхла ишьақәнарӷәӷәоит амарара аҟамзаара, аҭышәынтәалара арӷәӷәарахь акәымкәа, аиҟәшаратә цәаҳәа ҿыцқәа раԥҵареи аиҿагыларатә лшарақәа реизҳареи рахь укылнагоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақырҭуа арратә агрессиа атрагедиа иахысыз исуверентәу ҳәынҭқаррак аҳасаб ала, хатә ԥышәала еилнакаауеит Қарҭ ареваншисттә гәазыҳәарақәа ирхылҿиаауа ашәарҭара, урҭ аблок ҭшәақәа ринтересқәа ирышьҭашәарыцо адәныҟатәи амчқәа рганахьала иақәнагам адгылареи агәазыҟаҵареи роур алшоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп арегион иацәтәыму астандартқәеи ашәарҭадаратә модельқәеи рыдгалара ажәларқәа ргәы ззыҳәо рыҿиарамҩақәа рхала ралкаареи Аахыҵ Кавказ еиҟароу, иузеиҩымшо ашәарҭадара архитектура аицеиҿкаареи рсуверентә зин шыҵнашәаауа.

Инаҵшьны иазгәаҳҭоит, ҳзеиԥш регион аҿы акраамҭатәи аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзы иҟәыӷоу шьаҭаны ишыҟоу амчратәи аблоктәи знеишьақәа мап рыцәкра, аҳәынҭқаррақәа зегьы рсуверенитети рҵакыратә акзаареи наҟ-ааҟ пату рықәҵара, иара убас арегионалтә процесс алахәылацәа зегьы рыбжьара ишиашоу, зинла еиҟароу адиалог. Аԥсны Аҳәынҭқарра хьаҳәхьачарада ас еиԥш адиалог иадгылоит, уи аконструктивтә лагалагьы алагалара иазхиоуп.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: