Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит Севастополь ақалақь аҿы аҭыԥ змаз атеррористтә жәылара инадҳәаланы.
Адашшылараҟны иаҳәоит:
«Гәалсра дула иҳадаҳкылеит Украина арбџьар мчқәа Севастополь ражәлараан аҭынч уааԥсыра рҭахара. Агәра ганы ҳаҟоуп киевтәи арежим агыгшәыграқәа ахьырхәра роуп ҳәа.
Ҳрыдашшылоит иҭахаз рҭаацәарақәа. Ааха зауыз зегьы иаарласны ршьапы иқәгыларц рзеиӷьаҳшьоит».