Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаа разхьарԥшразы

Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаа разхьарԥшразы
2 March 2026 70

Мрагылара Ааигәа аҭагылазаашьа аибарххара инамаданы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҿы иҟоу Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ахыхьчаратә уснагӡатәқәа ирықәныҟәаларц, рыуацәеи дареи аимадара рыбжьазарц, Аԥсны АдәАР иахьыҟоу аҭыԥ азы адырра арҭаларц.

Аимадаразы аномерқәа: +7 940 927-26-28; +7 940 999-00-01

Иара убас Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ианаҭахха Урыстәылатәи Афедерациа аконсултә усбарҭақәа рахь ирыдҵааларц азы абжьгара ҟаҳҵоит.

Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҭаара зыгәҭаку Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра абжьгара рнаҭоит арегион атәылақәа рахь аныҟәарақәа разырхиараан иҟоу ашәарҭарақәа ирызхәыцларц.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: