Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Алиса Гыцԥҳа еиҿылкааз IV Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа «Амузыка – дгьыли ҳәааи зыбжьам адиалог» аҿы аԥхьахәқәа рыҭара аныҳәатә церемониеи агала-концерти рҿы иқәгылара.
(2025 ш., жьҭаара 23. Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа)
Хәылбзиақәа, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, ҳаҭыр зқәу асасцәа, Аԥсни, Урыстәылеи, иара убас, излеилкаахаз ала, егьырҭ атәылақәа жәпаки рыԥсҭазаараҿы аҭыԥ ҷыда нызкылаз ари ахҭыс ҷыда алахәылацәа, аиҿкааҩцәа.
Сара даара сеигәырӷьоит иналукааша ҳџьынџьуаҩ, Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Шьалуа-иԥҳа Гыцԥҳа лгәы иҭалкыз, ихацлыркыз ари апроект ҷыда агеографиатә мҽхак аҽырҭбаара иахьаҿу.
Ҳәарада, иҭабуп ҳәа расҳәоит ари агала-концерт ссири ари аицлабра хазынеи рымҩаԥгара алзыршаз зегьы: Урыстәылатәи Афедерациа акультуратә ԥшьгамҭақәа рзы аҳәынҭқарра ахада ифонди Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыреи. Араҟа дыҟоуп аԥыза-министр Владимир Валери-иԥа Делба. Ари Аԥсны азы иахьатәи ахҭыс шаҟа аҵак ду амоу, Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рзгьы шаҟа аҵак ду амоу атәы аҳәоит. Ари ҳажәларқәа, ҳкультурақәа ирыбжьаҵоу даҽа цҳак ауп. Насгьы, ишеилкаахаз ала, егьырҭ атәылақәагьы ҳрымаздо цҳауп.
Сара гәахәарыла ишәасҳәоит ҳасас бзиа Катерин Веласкес Дуарте иахьа абра дшыҟоу. Ари аиҩызаратә, аиашьаратә Республика Никарагуеи ҳареи ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи рынагӡара иацхраауа аҽа ҭагылазаашьоуп. Иара убас, ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ҳаҭыр зқәу ажиури, иналукааша ахьӡқәа рыла ишьақәгылоу. Урҭ жәларбжьаратәи ажури ҳәагьы рыхьӡҵазар ауеит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит арҭ амшқәа рзы абра Аԥсны иахьыҟаз азы, Алиса Шьалуа-иԥҳа илывагыланы аопера, аклассикатә музыка, ари иҳараку аҟазара адунеи рҿы аеҵәа ҿыцқәеи ахьӡ ҿыцқәеи рцәыргаразы иҟарҵаз азы.
Аиааира згази алауреатцәеи зегьы арҭ аҳамҭақәа рыдысныҳәаларц сҭахуп. Ари аицлабра иабзоураны иҭбаау, аԥеиԥш ду змоу амҩа шаатуа иахьа иаҳбарҭоуп. Урҭ шәара шәзы илшарацҵоуп, агәра ганы сыҟоуп аҩаӡара дуқәа рҟынӡагьы шәышнеиуа. Иҭабуп.