Ажәабжь ҿыцқәа
2023 шықәса хәажәкыра 7 азы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Феисал Микдад диԥылеит.
2023 шықәса хәажәкыра 5 азы Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа далахәын команданте Уго Чавес иԥсҭазаара далҵижьҭеи жәашықәса аҵра иазкыз ауснагӡатә «Всемирной встречи за актуальность боливарианских идей революционного лидера в XXI веке».
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Александр Ватаман ПМР аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакра шьаҭаркуижьҭеи 15 шықәса аҵра идиныҳәалеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев имшира идиныҳәалеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмч нагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа 2023 шықәса хәажәкыра 3 азы диԥылеит.
Аӡбамҭа рыдыркылеит Аԥсны ААР аттестациатә комиссиа Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҟны аусура алкаақәа иҟанаҵаз инарықәыршәаны. Аусбарҭа аттестациатә комиссиа Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҟны имҩаԥнагаз агәаҭарақәа иаадырԥшит аиқәымшәарақәа шыҟоу, убри инамаданы ирыӡбеит анаҩстәи ауснагӡатәқәа рыдыркыларц:
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа аихшьаалақәа ҟаҵо Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дрылацәажәеит атәыла адәныҟаполитикатә ԥшьгамҭа ҿыцқәа: аконсультациақәа рыстратегиатә механизм Аҟәа-Москва-Минс аиԥш иҟоу.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Ареспублика Молдова Приднестровие иаҿагыланы абџьар шьҭнахижьҭеит 31-шықәса аҵра инамаданы.
Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Ахаҭарнакреи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа анапхгара ахантәаҩи алахәылацәеи Анталиа ақалақь аҿы иҟоу Аԥсуа культуратә центр аҿы аԥсуа-адыга еилазаара ирԥылеит.