Аԥсны ААР аҳәамҭа НПОи, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи Қырҭтәыла ахаҭарнакцәеи рдиалог азы

Аԥсны ААР аҳәамҭа НПОи, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи  Қырҭтәыла ахаҭарнакцәеи рдиалог азы
6 December 2021 781

Аԥсны ахада идҵа № УП-149 (06.11.2006) «Аԥсны Аҳәынҭқарра иаку адәныҟаполитикатә усура амҩаԥгараҿы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акоординациатә роль азы» инақәыршәаны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рнырра аус мҩаԥызго усбарҭоуп.

Аԥсны аҵакыраҿы аҳәаанырцәтәи еиҳабыратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа имҩаԥырго апрограммақәа (апроектқәа) хымԥада Адәныҟатәи аусқәа рминистрра рақәшаҳаҭра рымазароуп Аԥсны аҵакыраҿы аҳәаанырцәтәи еиҳабыратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа имҩаԥырго апрограммақәа (апроектқәа) рынагӡашьазы Аамҭалатәи аԥҟара инақәыршәаны (ишьақәырӷәӷәоуп Аԥсны ахада идҵа № 108 (04.05.2019) «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аҳәаанырцәтәи еиҳабыратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа имҩаԥырго уснагӡатәқәак» инақәыршәаны.

Аԥсны Аҳәынҭқарра анорматив-зинтә актқәа напхгагас иҟаҵаны ишәгәалаҳаршәоит Аԥсны аҵакыраҿы аҳәаанырцәтәи еиҳабыратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа имҩаԥырго апрограммақәа (апроектқәа), Қырҭтәыла аиҳабыреи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Аԥсны аҿар рхаҭарнакцәеи реиԥылара, аимак-аиҿак аиҿкаара, астол гьыжьқәа, асеминарқәа рымҩаԥгара, аинформациатә материалқәа раларҵәара иара убасгьы урҭ разырхиара хымԥада Адәныҟатәи аусқәа рминистрра рақәшаҳаҭра рымазар шакәу.

Уи адагьы иеиҳабыратәым аҳәаанырцәтәии жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи Аԥсны ААР ахь инарышьҭлароуп апрограммақәеи (апроектқәеи) рынагӡаразы, русзуҩцәа реилазааразы, рԥаразоужьра ахыҵхырҭақәа рзы адырра зныԥшуа адокументқәа, урҭ аԥарақәа рныхра иахықәкны иҟоу рзы аҳасабырбақәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: