Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшуеит Қырҭтәылеи ЕАШ зхадараҿы иҟоу НАТО аблоки рыбжьара арратә еизыҟазаашьа еиҳа-еиҳа аҽахьарҭбаауа.
Иҟоу адыррақәа рыла, НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Украинеи Қырҭтәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа алархәны имҩаԥгаз Аҩадатлантикатә алианс аилатәараҿ ааԥхьара ҟаиҵеит Урыстәыла ар Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи иалнагарц.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҳәамҭа провокациак аҳасабала иаднакылеит. Уи аҳәамҭа арегион аҟны аибарххара иацнамҵозар иагнархом. Асеиԥш иҟоу европатәи ачынуаа рҳәамҭақәа атәыла-агрессор идгылароуп иаанаго.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы урыстәылатәи ар рыҟазаара аԥсны-урыстәылатәи аиқәшаҳаҭрақәа ишҳәаақәырҵо, жәларбжьаратәи азин анормақәа ишрықәшәо.
Иара убасгьы иазгәаҭатәуп Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара хнырҳәышьа змам ӡбамҭан ишыҟоу.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра НАТО амаӡаныҟәгаҩ хадеи егьырҭ ачынуааи рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ԥхьаҟа асеиԥш иҟоу аҳәамҭақәа рыҽрыцәхьаркларц.