Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула иазгәанаҭоит зеиԥш ҟамлац, инеиԥынкыланы адәныҟатәи ақәыӷәӷәара инамаданы ирыдыркылаз Аԥсны Аҳәынҭқарреи иареи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа раанкыларазы Ареспублика Науру иаднакылаз аӡбамҭа амчыла ҟазшьа шамоу.
Ԥхынҷкәынмза 15, 2009 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ареспублика Науру ианазханаҵа, ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа анышьақәгыла аҽны инаркны аконструктивтә политикатә диалог еиҿкаан, аиқәшаҳаҭра-зинтә усеицура аҿиара ашьаҭа акит. Ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит иреиҳау, иҳараку аҩаӡарақәа ирыҵаркуаз наҟ-ааҟтәи аҭаарақәа, Ареспублика Науру анапхгара Аԥсны Аҳәынҭқарра раҭаареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр зхадараҿы дыҟаз аԥснытәи аделегациа аҭактә визитиқәеи налаҵаны. Арҭ аимадарақәа реихшьаалақәа рыла аганқәа ҩ-ганктәи аинырра аҿиара иацырҵеит, аусеицура практикатә ҵакыла ахарҭәаара иазку еицырзеиԥшу апроектқәеи аԥшьгарақәеи рынагӡарагьы налаҵаны.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Науруи рыбжьара аинырра аҿиара еснагьгьы Қырҭтәылеи уи мраҭашәаратәи апартниорцәеи рганахьала аҿагылара аман. Еицырзеиԥшу аԥшьгарақәа апрактикахь ииасцыԥхьаӡа ихацдыркуан Ареспублика Науру иаҿагылоз агрессиатә адәныҟатә қәыӷәӷәара акампаниа. Ҟалашьа змам ахәаҽреи амчыладцалареи рметодқәа зегьы ахархәара рыҭан - аҽырхықәымҵа политикатә шантажи адипломатиатә қәыӷәӷәара ӷәӷәеи инадыркны Ареспублика Науру асуверентә ҭаххара аиҭахәаԥшра иазырхоу иаарту афинанс-економикатә репрессиақәеи ахьырхәратә санкциатә уснагӡатәқәеи рҟынӡа.
Ареспублика Науру уаанӡатәи ахада Абарон Вак Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ иҟазаараан иҟаиҵаз иаарту иҳәамҭақәа ахархәара змаз ақәыӷәӷәара аметодқәа лабҿабатә ршаҳаҭганы иҟоуп. Иара иаартны иҳәеит итәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь зеиԥш ҟамлац ақәыӷәӷәара шазыҟаҵаз, иара убас Ареспублика Науру уаанӡа иаднакылахьаз асуверентә ӡбара иаартны аахәареи афинанстә нырреи рыла мап ацәнакырц иҟаҵаз аҽазышәарақәа ртәы.
Иазгәаҭатәуп, аофициалтә еимадарақәа раан Ареспублика Науру уаанӡатәи анапхгара изныкымкәа ишышьақәдырӷәӷәахьаз аҳәынҭқаррақәа рсуверентә еиҟарара апринципқәеи адәныҟаполитикатә курс рхала ашьақәыргылара апроцесс аҽалагалареи шыҟамло.
Ареспублика Науру адипломатиатә еизыҟазаашьақәа раанкыларазы иаднакылаз аӡбамҭа Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аимадарақәа рыԥкреи асуверентә ҳәынҭқарра иаднакылаз ахалатә ӡбамҭа аиҭахәаԥшреи ирзырхоу акраамҭатәи инеиԥынкылоу аполитикатәи адипломатиатәи қәыӷәӷәара иалҵшәахеит.
Акыр шықәса инеиԥынкыланы Аԥсны Аҳәынҭқарреи дареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа зыбжьазҵо аҳәынҭқаррақәа адәныҟатәи анырра иақәшәоит, уи хықәкыс иамоуп хатәгәаԥхарала иалкаау адәныҟаполитикатә курс мап ацәкра. Ас еиԥш ақәыӷәӷәара аҿаԥхьа еиҳарак иуашәшәыроуп зымҽхак ҭбаау аполитикатә, адипломатиатә, аекономикатә нырра амыругақәа рҿагыларазы зресурсқәа маҷу аҳәынҭқарра хәыҷқәа.
Ари аҩыза апрактика ЕАР Аԥҟаԥҵәа ихадоу апринципқәа ирҿагылоит, аҳәынҭқаррақәа рсуверентә еиҟарареи рыҩныҵҟатәи русқәа рыҽрыламгалареи рыпринципқәагьы налаҵаны. Уи иаанарԥшуеит ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы агәҭынчымра узцәырызго атенденциақәа, аполитикатә қәыӷәӷәара еиҳа-еиҳа зинла еиҟароу адиалог ацынхәрас ахархәара анамоу, агеополитикатә кониунктура жәларбжьаратәи азин апринципқәа раасҭа аԥыжәара аиуа ианалаго.
Аҭоурыхтә ԥышәа излаҳнарбо ала, ақәыӷәӷәареи, ашәарҭарақәеи, аекономикатә мчымхареи иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьақәа аԥсахра залшом. Аԥсны аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи, амилаҭтә интересқәа рыхьчареи, апатуеиқәҵареи, жәларбжьаратәи азинқәа рыцеиҩызшо аҳәынҭқаррақәеи дареи еицырзыфеидоу русеицура аҿиареи рзы рыгәҭакқәа ишадгылац иадгылоуп.