Нанҳәа 31 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь амиссиа ахада Натан Рейиеси Кавказ хабарда ибжьаӡыз рызҵаарақәа рзы ахаҭарнак Дениел Маккуини реиԥылара.
Амиссиа ахада иҳәеит иахьазы МККК аԥсыбаҩқәа рексгумациазы аусура ҭбаа шымҩаԥнаго. Аҭаацәарақәа ирыҭан ишьақәыргылаз 200 ԥсыбаҩ.аиԥылараҿы ирзааҭгылан МККК Аԥсны ԥхьаҟатәи аусура азҵаарақәа.