Жьҭаара 27 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистраҿы аминистр Даур Ақаҩба дидикылеит Аахыҵ Кавказ ПРООН ахаҭарнак ҷыда Ник Бересфорд.
Ник Бересфорд ари аҭыԥ аҿы диԥсахит Луиза Винтон.
Даур Ақаҩба Ник Бересфорд изеиӷьеишьеит имаҵзура ҿыц аҿы ақәҿиарақәа, иҳәеит дшақәгәыӷуа русеицура маншәалахап ҳәа. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистрреи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи русеицура аҵак ду шамоу.
Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит реинырреи апроектқәа реицымҩаԥгареи рус аҿы имҩаԥыргараны иҟоу ашьаҿақәа.