Ажьырныҳәа 25 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи ООН акоординатор, ПРООН ахаҭарнак Луиза Винтони, ООН ахәыҷтәы фонд акоординатор Гассан Халили, УВКБ ахаҭарнак Иоханнес ван дер Клаауи реиԥылара.
Аиԥылара иалахәын Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы Адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа, Аԥсны иҟоу ПРООН аофис апрограммақәа рзы аҟазауаҩ Мадина Сулааԥҳа.
Аиԥылараан ирылацәажәан Қырҭтәыла аҭыԥ змоу аимҳәаҿк иахырҟьаны ақырҭуа-аԥсуа ҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан иалагалоу аԥкрақәа рызҵаара.
ООН акоординатор, ПРООН ахаҭарнак Луиза Винтон адәныҟатәи аусқәа рминистр иахь аҳәара ҟалҵеит аҳәаа ахысразы иаԥҵоу аԥкырақәа аԥырхра адгылара риҭарц, уи Гал араион ауааԥсыра ауадаҩра иахьҭанаргылоит агәабзиарахьчара иазырхо еиуеиԥшым апроектқәа рынагӡара ахьаруадаҩуеи азы.
Луиза Винтон иара убасгьы илҳәеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ахаҭарнакцәа рдыррала Қырҭтәыла аимҳәатә чымазара аганахь ала аҭагылазаашьа ҵыԥх аасҭа ишеиӷьу, аҽа ҳәынҭқаррак ахь аҿкы аиасрагьы шәарҭаны ишыҟам.
Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит акарантин алагалареи аҳәаа аамҭала аркоеи Аԥсны ауааԥсыра ргәабзиареи рыԥсҭазаареи рыхьчара ишазырхо.
Иара иазгәеиҭеит Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа еиӷьхар, аҳәаа ахысра ԥкыра аиуам ҳәа.
Аиԥылараан иара убасгьы ирылацәажәан Гал араион ауааԥсыра рхы иақәиҭны рынеиааиреи документла реиқәыршәареи ирыдҳәало апроблемақәа.
Даур Ақаҩба иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны иҟоу ООН амаҵзурақәеи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра шхымԥадатәиу, урҭ ара русура азакәаншьаҭа аиуразы.
Иара убасгьы ирылацәажәан наҟ-ааҟ аинтерес ззеицрымоу азҵаарақәа жәпакы.