Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалины реиԥылара.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан аҳәынҭқаррабжьаратә еинырра актуалтә зҵаарақәа.
Аганқәа азхьаԥшра ҷыда рырҭеит адәныҟатә политика анагӡара азҵаарақәа.