Инал Арӡынба аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» алахәылацәа дырԥылеит

Инал Арӡынба  аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» алахәылацәа дырԥылеит
18 August 2023 297

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» алахәылацәа рԥылараан далацәажәеит ҳтәыла акәша-мыкәша иҟоу актуалтә политикатә ҭагылазаашьа, Аахыҵ Кавказ арегион аҟны аҭыԥ змоу аҭагылазаашаьқәа, ҳпартниор хада – Урыстәылатәи Афедерациа азыҟазаашьаҿы аԥыжәара змоу азҵаарақәа ртәы.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҷыдала дазааҭгылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра иазыҟанаҵо афинанстә цхыраара:

«Урыстәыла 2008 шықәса раахыс Аԥсны 110 миллиард мааҭ афинанстә цхыраара анаҭахьеит. Урҭ рҟынтәи 30 миллиард мааҭ –инвестициатә программоуп изҵазкуа, абиуџьеттә инвестициақәа ҳәа ишьоуп.

Аҽа 40 миллиард мааҭ – аулафахәқәа роуп. Абиуџьетбжьаратә еизыҟазаашьақәа ирыҵаркуам аҽа 40 миллиард мааҭ – атәанчахәқәа. Атәанчахәытә цхыраара аҳасаб ала ҳтәыла иаиуеит шықәсык аҩныҵҟа 4 миллиард мааҭ. Ииасыз амзазы 24 400-ҩык ҳтәылауаа ироуит урыстәылатәи атәанчахәытә шәарақәа. Ари бжьаратәла мызкы 300 миллион мааҭ инаӡоит. Аԥсуа тәанчахәы 500 мааҭ роуп иҟоу. Атәылауаҩ урыстәылатәи атәанчахәы имоуазар, иара шәарак аҳасаб ала изыршәоит 2500 мааҭ. Атәанчахәы, иреиҵоу анхаралшаратә зыԥҵәа, 10 000 мааҭ аҟынӡа инаӡарц азы абиуџьет аҿа миллиард мааҭ аҭаххоит. Ар реиҭарҿыцра акәзаргьы иақәхарџьтәуп миллиард мааҭ еиҵамкәа аԥара. Иара убасҵәҟьоуп ишыҟоу егьырҭ аусхкқәа – агәабзиарахьчара, раҵарадырра уҳәа рҟынгьы. Напеиқәыԥса атәара алшом. Иԥшаалатәуп ахыҵхырҭа ҿыцқәа».

Инал Арӡынба иҳәеит уаанӡа, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи еицырзеиԥшу Ар рыхәҭа аԥҵаразы алшара ахы иашамырхәаз, Очамчыра араин аҿы арартә қалақь аиҿкаара шалыршамыз.

«Иҳалшои иҳалымшоуи анализ рзыҟаҳҵалароуп, аҭагылазаашьа шьаҿак ԥхьаҟа ҳаԥысны ахә ҳшьалароуп, ацәаныррақәа аԥыжәара рыҭара ахәҭам. Урҭ ҳара шьҭахьҟа ҳдыргьыжьуеит ауп. Урыстәыла ахада Иусбарҭаҿы сусураан сара знымзар зны исмаҳаит Аԥсны аекспансиа аӡәы иҭахны».

Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьаз азҵаара аҭак ҟаҵо Арӡынба иҳәеит Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәхҭратә еикәыршара 2,5 млрд. рҟынӡа ишхалаз, Урыстәыла Қырҭтәылаз хәаахәҭратә партниорны ишыҟоу, Қырҭтәылагьы аекономикатә интересқәа адгылара шрырҭо.

Арӡынба иара убасгьы дазааҭгылеит ақырҭуа диаспора Урыстәыла русура.

«Адунеитә економикеи адунеитә политикеи – еиндаҭло усхкқәоуп. Аиндаҭлараҿы уаҵахар, иуылымшар жәларбжьаратәи апроцессқәа рҳәаа уахцахоит» ҳәа иҳәеит аминистр.

Иара иҳәеит Урыстәылеи Аԥсни рыстратегиатә ԥеиԥш ахаҭабзиара амазароуп ҳәа.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра аглобалтә информациатә ҵакыра иахәҭакуп. Иара амониторинг адунеи атәылақәа, иҳаӷоугьы налаҵаны, рҟны имҩаԥыргоит. Ари еснагь иазхәыцлатәуп» - иҳәеит Арӡынба.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: