Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Сергеи Шамба агазеҭ "День Республики" аинтервиу аиҭеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Сергеи Шамба агазеҭ "День Республики" аинтервиу аиҭеит
28 February 2025 92

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба агазеҭ "День Республики" иаиҭаз аинтервиу.

- Сергеи Мирон-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәа, алхрақәа рышьҭахь иааиуа ашықәсқәа рзы Аԥсны адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа рырҿиараз шәгәы иҭоу?

– Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи иҳамоу астратегиатә еиҩызара азгәаҭо, зегь раԥхьаӡа иргыланы Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырҵаулареи хықәкны иҳамоуп. Убри аан, ҳара аус ҳацура иазхиоу атәылақәа рыԥшаара ҳаҿуп, аха ари азҵаара, иаҳҳәар ҳалшоит, зегь реиҳа ихадоу аҵакы амаӡам, избан акәзар, ҳара ҳинтерес хадақәа – ашәарҭадареи аекономикатә ҿиареи – Урыстәылатәи Афедерациа ҳадгыланы рынагӡара алҳаршоит. Урыстәылатәи аџьармыкьа, аинвестициақәа, атуризм, еиуеиԥшым апроектқәа ҳекономика аҿиара иацхраауеит, иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа ҳшәарҭадаразы хәдықәҵара ҟарҵоит. Даҽакала иуҳәозар, Урыстәылеи ҳареи иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ашәарҭадаратә гарантиақәа ҳарҭоит, избанзар, шәарҭарак ҟалар, ҳхьыԥшымреи ҳҳәынҭқарреи рыхьчараҿы Урыстәыла ҩызак иаҳасабала ахы мҩаԥнагоит. Убри азоуп абарҭ азҵаарақәа абасала еишьҭаргыланы изыҳаӡбогьы. Егьырҭ атәылақәа рҟынтә азхаҵара аиура акәзар, ҳара ҳзы уи апрактикатә ҟазшьа акәымкәа, ҳахьӡи-ҳапатуи роуп изызку. Аха ҳара, уеизгьы, Венесуела, Никарагуа реиԥш иҟоу Латинтәи Америка атәылақәа - зыҟны аизыҟазаашьа бзиақәа ҳамоу - рҿы ҳаинырра алҵшәақәа ыҟоуп. Шьамтәылеи Аԥсни адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит, избан акәзар Шьамтәылеи Аԥсни аҭоурыхтә шьаҭа ҵаулақәа рыла еидҳәалоуп.

– Аԥсны макьана зегьы ишазхарымҵацгьы, адунеи ауаажәларра атәылаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ирышьклаԥшуеит. Шәгәы ишԥаанаго, изыхҟьозеи ари аҩыза аинтерес?

– Асеиԥш иҟоуп избан акәзар, Аԥсны еснагь аҭоурых аҿы амчра дуқәа рзы аинтерес аман. Атәыла акыр зҵазкуа агеополитикатә позициа ааннакылоит. Ишырҳәо еиԥш, агеографиа бзиа ҳлахьынҵахеит. Аԥсны жәытәнатә аахыс аҳәынҭқарра дуқәа аднаԥхьалон: Римтәи, Византиатәи, Османтәи, Урыстәылатәи аимпериақәа реиԥш иҟақәаз. Араҟа урҭ ринтересқәа еснагь еиҿагылон. Иахьагьы ҳара иаабоит адунеитә сценаҿы ахәмарҩцәа ҿыцқәа ринтересқәа шеиҿагыло. Ҳара зегьы иахьа адунеизегьтәи асистема аиҭашьақәыргылара аамҭа ҳҭагылоуп. Уи ақәԥара уажәнатә зегьы ирбарҭоуп, избанзар, Асовет Еидгыла анхыбгала ашьҭахь, аамҭак азы хырхарҭак змоу адунеи шьақәгылеит. Аха иахьа уи аԥҟара аиҭакра дуқәа рымҩа ианысуеит. Урыстәыла, ишаабо еиԥш, адунеитә еиҿкаара ҿыц ашьақәыргылара иаҿуп. Аԥсны даҽазныкгьы абарҭ ахҭысқәа рыжәпара иалагылоуп. Ҳалхрақәагьы ауаа рылаԥш иаҵанакуеит. Ҳара ҳаоппонентцәа ҳалхрақәа шрыдрымкыло атәы иааиԥмырҟьаӡакәа ирҳәоит. Аха ҳара ҳзы зегь реиҳа ихаданы иаҳшьо, алхрақәа ҳҩызцәеи ҳадгылаҩцәеи иазхаҵар ауп.


– Жәларбжьаратәи аекспертцәа иҭазгәарҭаз алхрақәа раԥхьатәи ртур алҵшәақәа адәныҟатәи аполитика анаҩстәи астратегиа анырра ианаҭо ахәшьара шԥашәҭо?

– Германиа, Италиа, Ҭырқәтәыла реиԥш иҟоу атәылақәа рҿы иҟоу ҳхаҭарнакратә усбарҭақәа активла аус руеит. Уи ҳҳәынҭқарра аҳаҭыр шамоу аанарԥшуеит, официалла азхаҵара шыҟамгьы. Иҵоуроу акьыԥхьымҭақәа, иаҳҳәап, Италиа (актәи атур ашьҭахь 50 инареиҳаны акьыԥхьымҭақәа) ҳдипломаттә усура шҭышәынтәалоу, еиҿкааны ишыҟоу шьақәдырӷәӷәоит. Уи зызҳәоу Аԥсны алхрақәа демократиатә шьаҿала ишымҩаԥысуа ауп. Убри азоуп урҭ рҟынтәи ас еиԥш азҿлымҳара зҳамоу. Араҟа иубарҭоуп адемократиатә процесс аҿиашьа.

Ҳҳәынҭқарра ҩажәижәаба шықәса инареиҳаны иахыҵуеит, убри аамҭа иалагӡаны ҳара иҳалшеит адемократиатә ҳәынҭқарра ашьаҭақәа рыргылара.


– Шәгәы ишԥаанаго, жәларбжьаратәи аекспертцәеи ажурналистцәеи рганахь ала алхратә процесс обиективла иаҭоу ахәшьара Аԥсны адунеитә уаажәларраҿы адкылара анырра анаҭома?

– Жәаҳәарада, ахҭысқәа обиективла рыхәшьара ҳтәыла азеиԥш гәаанагара анырра анаҭоит. Сара уи ашьҭахь Мраҭашәаратәи атәылақәа ҳазхарҵоит ҳәа агәра згом, аха ҳтәыла аимиџь ашьақәгыларазы жәларбжьаратәи агәаанагара бзиа аҵак ду амоуп.

– Иарбан шьаҿақәоу аминистрра иҟанаҵо алхрақәа раан жәларбжьаратәи аинформациатә хархәагақәеи иареи рыбжьара адиалог амҩаԥгаразы?

– Ҳара активла аинтервиуқәеи, аофициалтә саити, егьырҭ ахырхарҭақәеи рыла адыррақәа рыҭара ҳаҿуп. Уаанӡа, алхрақәа ООН ахшыҩзышьҭра ананаҭоз, аекспертцәеи ажурналистцәеи ҳареи ҳаиныррақәа акыр иӷәӷәан. Уажәы ҳазҿлымҳара маҷк иагхеит, аха убри аан аинформациатә усура аҩаӡара ҳарак аҿы иаанхоит.

– Абжьыҭира аамҭазы Ҟарачы-Черқьесиа аҵакыраҿы алхратә ҭыԥ аус ауеит. Иара аԥҵан Нхыҵ-Кавказ инхо Аԥсны атәылауаа алхрақәа рхы рыладырхәырц азы. Шәара Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспубликаҿы иаартыз алхырҭатә ҭыԥ аусура ахәшьара шԥашәҭо?

– Сара еснагь аиашьаратә республикаҿы акомиссиа ахантәаҩы Олег Етлухов сиҿцәажәоит, алхратә процесс аҿы аҭынчымра шыҟазгьы, Ҟарачы-Черқьесиа абжьыҭира иахәҭоу аҩаӡарала имҩаԥысит. Алхрақәа рахь ауаа - аҳәаанырцә инхо атәылауаагьы уахь иналаҵаны, рнеира ахьырацәоу, иаанарԥшуеит ауааԥсыра ргәазыҳәара.

– Алхратә процесс аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылеи егьырҭ астратегиатә партниорцәеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиара шԥажәбо, насгьы иарбан хшыҩҵароу уи аԥышәа иашәзаанаго?

–Урыстәылеи ҳареи астратегиатә партниорра мацара акәӡам иҳабжьоу, ҳара Стратегиатә Еидгылоуп, уи инақәыршәаны ган-цыԥхьаӡа егьи аган ахьчара хыдҵаны иагоит. Ҳара хықәкыс иҳамоуп аекономикатә еимадарақәеи ашәарҭадареи рырӷәӷәара иацхраауа аизыҟазаашьақәа аринахысгьы рырҿиара. Ҳусқәа иҵоуроу рыхәшьара бзиақәа ари азнеишьа алҵшәа бзиақәа шамоу шьақәдырӷәӷәоит.

– Алхрақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ирызкны жәларбжьаратәи аекспертцәа рҟынтәи акыр зҵазкуа абжьгарақәеи ахцәажәарақәеи ҟазма?

Сара иахьынӡаздыруа, алхратә процесс аиҿкаара иазкны акрызҵазкуа азгәаҭарақәа ҳмоуӡеит. Аха ҳара иарбанзаалак аконструктивтә критика ҳусура аиӷьтәразы илшараны иҳадаҳкылоит.

– Иарбан механизмқәоу иахьазы иҟоу Аԥсны амилаҭтә интересқәа адунеизегьтәи аренаҿы рыхьчаразы, ҷыдала алхрақәа даҽазныкгьы ахшыҩзышьҭра рызцәырыргар?

– Хыԥхьаӡара ԥкыла атәылақәа аус шҳацыруа азгәаҭаны, адунеизегьтәи ахшыҩзышьҭра аиҭакрақәа ҳаизыҟазаашьақәа рҿы анырра ду рзыҟарҵом. Ҳара ишьақәҳаргылахьоу аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ҳусура иацаҳҵоит, насгьы ҳпартниорцәеи ҳареи ҳусеицура алхрақәа ӷәӷәала еиҭаркуеит ҳәа ҳазыԥшӡам. Ҳара ҳзызҿлымҳау Урыстәыла агәаанагара мацара ауп.

– Иахьа Аԥсны аӡәырҩы алацәажәоит Аԥсны асуверенитет шыҟоу еиқәзырхо Аидгыларатә ҳәынҭқарра аԥҵара. Шәара уи азы шәгәы иаанагозеи?

– Ҳконституциаҿы Аԥсны ихьыԥшым, исуверентәу ҳәынҭқаррак аҳасабала иарбоуп, астатус аԥсахра иадҳәалоу азҵаарақәа официалла ирылацәажәаӡом. Аԥсны Аидгыларатә ҳәынҭқарра алахәхара атәы ҳҳәозар, ари атема изныкымкәа иалацәажәахьеит еиуеиԥшым аполитикатә усзуҩцәа, Аԥсны ԥыхьатәи ахадагьы дналаҵаны. Ҳара уи аҩыза аҭагылазаашьа ҳазхәыцыр ҳалшоит, аҩ-ганк рзы аинтерес ыҟазар. Ҳара ҳазлацәажәо Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгылатә ҳәынҭқарра еиԥшу ҩ-ҳәынҭқаррак реидгылара ауп. Аха еилкаатәуп аидгылара даҽа формақәакгьы шыҟоу. Ҳара еиуеиԥшым авариантқәа рыхәаԥшра ҳазхиоуп, аха макьаназы ари азҵаара аганахьала иҷыдоу ажәалагалақәа ҟаҵаӡам. Урыстәыла, хымԥада, ҳгәазыҳәарақәа ирыдгылоит, аха егьырҭ аганқәа рпозициақәагьы ҳасаб рзутәуп. Уажәазы ​​Урыстәылазы даҽа усқәак аԥыжәара рымоуп, иҟалап ари атема актуалра аиур, иахьа имҩаԥысуа апроцессқәа анхыркәшахалак ашьҭахь.

Аԥсны Урыстәыла ампыҵанахалар алшоит ҳәа агәҭынчымрақәа ртәы ҳҳәозар, Аахыҵ Уаԥстәыла аҿырԥштәы азхьаԥшра иаԥсоуп, уи Нхыҵ Уаԥстәыла адларазы ҩ-референдумк мҩаԥнагеит, аха Урыстәыла ас еиԥш ашьаҿақәа ҟанаҵаӡом. Убри аҟнытә, сара ара агәҭынчымразы ҵаҵӷәы збом.

Хаҭала сара сгәанала, Урыстәылеи Белоруссиеи реидгыларатә ҳәынҭқарра алахәхара Аԥсны азы аинтерес аҵоуп, аха ари ҳаԥхьаҟатәи зҵаароуп, инарҭбааны ахцәажәара зҭаху усуп.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: