Абҵарамза 18 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Киевтәи арежим ацәгьоурақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Родион Мирошник дидикылеит.
Родион Мирошник аиԥылараҿы Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҿы имҩаԥысуа аусура, арегионқәа рсоциал-економикатә ҿиареи рырӷәӷәахареи ртәы еиҭеиҳәеит.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, акультура ахырхарҭала аусеицура ацҵаразы, аконференциақәагьы уахь иналаҵаны, аексперттә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра иазкылсын.
Аганқәа, иара убас, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адипломат ҿарацәа Рхеилак еиҿнакаауа, Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҿы имҩаԥысраны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адипломат ҿарацәа Рхеилак алахәхаразы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит.