2026 шықәса нанҳәамза 4 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Жәлар рдипломатиа Ацентр адиректор хада, жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак алахәыла Дмитри Савельев диԥылеит.
Аиԥылара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент ареферент Алеқсандр Ҳаџьымбеи Жәлар рдипломатиа Ацентр Аԥсны иҟоу афилиал акоординатор Валериа Мановицкаиеи.
Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит аԥсуа-аурыс усеицура аҿиара иазку азҵаарақәа жәпакы, агуманитартә еимадарақәа рырҭбаара, ауаажәларратәи аҵаратәи аԥшьгарақәа реицынагӡара, иара убас жәлар рдипломатиа апроектқәа рҳәаа иҭагӡаны аинырра арӷәӷәара.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан жәларбжьаратәи агуманитартә еимадарақәа рыҿиара, аҿари акультуреи реимдарақәа адгылара рыҭара, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыжәларқәа рыбжьара реилибакаареи рыгәреибагареи рырӷәӷәара иазырхоу еицырзеиԥшу аԥшьгарақәа рыларҵәара ирызкыз азҵаарақәа.
Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит ирыбжьоу адиалог ацҵареи Аԥсни Урыстәылеи ринтересқәа ирықәшәо аимадарақәа рыҿиареи рзы азҿлымҳара шрымоу.