Ажәабжь ҿыцқәа

Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмч нагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Башар-аль Џьаафари Москва еиԥылеит 2023 шықәса ажьырныҳәа 25 азы.
2023 шықәса ажьырныҳәа 23 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Приднестровиетәи иколлега Витали Игнатиев рыбжьара онлаин- формат ала аиԥылара мҩаԥысит.
22 January 2023 221 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Ахаҭарнакра аофициалтә еиҳабы Гарри Кәыпалба идиныҳәалеит Аԥсни Приднестровиеи Аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеижьҭеи 30 шықәса аҵра амш.
22 January 2023 286 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Приднестровиатәи иколлега Витали Игнатиев адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеижьҭеи 30 шықәса ахьҵыз инамаданы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Ахаҭарнакра аофициалтә еиҳабы Гарри Кәыпалбеи реиԥылара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрИнал Арӡынба Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини реиԥылара.
18 January 2023 383 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Приднестровтәи-Молдавтәи Ареспублика Аофициалтә Хаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба Ахаҭарнакра аԥҵара 16- шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны аҵакыраҿы зусура мҩаԥызго Жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи аиԥылара мҩаԥыргеит.
Ажьырныҳәамза 12 рзы Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Амилаҭтә Ассамблеиа аилатәара ихы алаирхәит. Араҟа Атәыла Ахада Николас Мадуро Морос есышықәатәи аҳасабырба адгалара мҩаԥигеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: