Олег Барцыц Аԥсны иҟоу МККК Амиссиа ахада Чынгьыз Раимбекови иареи реиԥылара мҩаԥигеит

Олег Барцыц  Аԥсны иҟоу МККК Амиссиа ахада Чынгьыз Раимбекови иареи  реиԥылара мҩаԥигеит
25 April 2025 96

Ҳазҭоу ашықәс, мшаԥымза 25 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак Амиссиа ахада Чынгьыз Раимбекови реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара рхы аладырхәит: адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа, Иракли Ҭыжәба, адәныҟатәи аусқәа рминистрра Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рымадараз Адепартамент аиҳабы Сариа Џьопуа. Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак Амиссиа ахьӡала – Амиссиа ахада ицхырааҩ Борис Казанба.

Аиԥылараан Амиссиа Аԥсны имҩаԥнаго аусура аспектқәа ирылацәажәеит, ҷыдала 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ибжьаӡыз рыԥшаареи рхаҭарақәа рышьақәыргылареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: