Мшаԥы 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини раԥхьатәи русуратә еиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылараан, аҩганктәии жәларбжьаратәии амшхәаԥштәқәа ирыҵанакуа азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, хаҭала, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Б.З. Гәынба Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәразы Урыстәылатәи Афедерациахь ицареи, иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак амазаара азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы Аиқәшаҳаҭра иазку азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҳәынҭқаррабжьаратәи аԥсны-урыстәылатә усеицура арӷәӷәареи, иара убасгьы аҩ-ганк аинтерес зызрымоу ахырхарҭақәа зегьы рҿы русеицура аҿиаразы рыгәҭакқәа шьақәдырӷәӷәеит.