Москватәи аԥсуа диаспора аофис аҿы имҩаԥысит аилатәара, уи рхы аладырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи. Сергеи Шамбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара алҵшәақәа аусмҩаԥгатә амшхәаԥштә акәны иҟан.
Сергеи Шамба иџьынџьуаа Сергеи Лаврови иареи реиҿцәажәарақәа рыӡбахә инарҭбааны ирзеиҭеиҳәеит, Аԥсни Урыстәылеи русеицура иадҳәалоу азҵаара хадақәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит адиаспора активла аус рыцура аҵак ду шамоу.
Аиҿцәажәараан Москватәи аԥсуа диаспореи дареи русеицура аринахыстәи аҿиара азԥхьагәаҭақәа, Аԥсни Урыстәыла иҟоу аџьынџьуааи рыбжьара акультуратәи асоциалтәи еимадарақәа рырӷәӷәара иазынархоу аԥшьгарақәеи ирылацәажәеит.