Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара
2 October 2025 67

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иқәгылара:

Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа, ҳаҭыр зқәу аколлегацәа, мшыбзиақәа. Зегь раԥхьа иргыланы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа алахәылацәеи сареи ҳахьӡала ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ара аҟазааразы алшара ахьҳаҭәашьахаз, гәыкала ҳахьрыдыркылаз, аусураз иманшәалоу аҭагылазаашьа ахьҳамоу азы.

Ҳара ҳаигәырӷьоит аамҭа кьаҿ иалагӡаны даҽа еиԥыларак аҭыԥ ахьамоу. Ари аҩбатәи аиԥылара ҳара ҳзы даара хра злоу дыргоуп. Ииашаҵәҟьаны, шәара ииашаны ишазгәашәҭаз еиԥш, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аӷәӷәахара иаҿуп, аинфраструктуратә проект дуқәа рынагӡара мҩаԥысуеит.

Атуризм аусхк шәалацәажәеит. Ҳара даара гәахәарыла аӡбахә ҳҳәар ҳалшоит ҳпроектқәа иреиуоу, аҵак ду змоу В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза «Аҟәа». Уи иахьатәи аамҭазы 100 000ҩык инареиҳаны апассаџьырцәа идикылахьеит. Ари ҳара ҳзы даара хра злоу дыргоуп. Уи ҳастратегиатә ҩызцәеи ҳпартниорцәеи ҳареи ҳаивагыланы ииашоу ахырхарҭала амҩа ҳшықәу аанарԥшуеит. Ахра ду шамоугьы еилкаауп.

Агәабзиарахьчаратә программақәа ракәзаргьы активла имҩаԥысуеит. Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара ахыркәшарахь инеихьеит. Уи ҳтәылазы даара акраҵанакуеит. Егьырҭ еиуеиԥшым аобиектқәагьы атехнологиа аганахь ала даара еиҿкаауп. Ари ажәлари еиҵагыло аҿар ргәабзиареи ирныруеит, аҿар рҵаратә программақәа ракәзаргьы активла рынагӡара иаҿуп.

Ҳџьынџьуаа қәыԥшцәа аӡәырҩы аҵаратә кластерқәа рхы рыладырхәхьеит, иаҳҳәап, анапхгаратә ҟазарҭа «Сенежи» егьырҭ аформатқәа жәпаки.

Ааигәа Аԥсны аусура иалагеит Урыстәылазегьтәи Аилазаара "Адырра". Уи ҳара ҳзы даара акрызҵазкуа, хра злоу усуп. Ҳара активла ас еиԥш аинырра амҩала ԥхьаҟа ҳцоит.

Жәаҳәарада, арегион аҿы ашәарҭадаратә стандарт ҳаракқәа рыхьчара мҽхакыҭбаалатәи ҳусеицура ихадоу хәҭаны иазыҟоуп, уи Урыстәылатәи ҳҩызцәеи ҳколлегацәеи рыцхыраарала анагӡара мҩаԥысуеит. Уажәазы, атәылахьчара аминистррақәа рыҩба рыбжьара ҩ-ганктәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит, аибашьратә координациа аелементқәа рҽырзыҟарҵоит, еиуеиԥшым аҵаратә тренингқәа мҩаԥысуеит. Ҳара ҳзы ари ҳтәыла арратәи аполитикатәи шәарҭарақәа рҟынтәи ахьчаразы хәдықәҵара ҟазҵо формат дууп.

Ҳәарас иаҭахузеи, иахьатәи ҳаиԥылараҿы иазгәасымҭарц залшом уажәазы иҟаҵоу. Уи ҳалацәажәеит аҵыхәтәантәи ҳаиԥылараҿы. УА МГИМО аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгаратә еилазаара рзы аҵарадырратә проект анагӡара мҩаԥысуеит. Ҳара ари раԥхьатәи ҳаиԥылараҿгьы ҳалацәажәеит, иахьа уи инагӡоу усуп. Убри ауп иахьа урыстәылатәи ҳҩызцәеи ҳколлегацәеи ҳацырхырааны адырра ҿыцқәа ҳазҭо

Ихадоу проектк хара имгакәа анагӡара азузоит, ахыркәшарахь инеиуеит, уи иналукааша аҭоурыхтә, атуристтә ҭыԥ — ВДНХ аҿы ҳмилаҭтә хәаахәҭра-цәыргақәҵатәи ҳкультуратәи центр аԥҵароуп. Агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа ари амилаҭтә центр шааҳартуа. Ари даара амбициа дуқәа змоу ҭыԥуп. Насгьы, жәаҳәарада, уи аҳҭнықалақь асасцәа рзы, аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы, Москва иаҭаауа зегьы рзы Аԥсны закәу ахьыубаша, изақәу ахьуаҳаша ҭыԥхоит.

Ҳәарада, Аԥсни Урыстәылеи рдәныҟаполитикатә усбарҭақәа активла русеицура ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит. Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи аҳәаанырцә иҟоу Урыстәылатәи амиссиақәеи рыцхыраарала ҳара активла адәныҟаполитикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥаҳгоит. Урҭ есымша еиҿкаау, еишьаршәалоу усмҩаԥгатәқәоуп, есымша Урыстәылатәи ҳколлегацәа рыцхыраарала имҩаԥысуеит. Шәара ииашаны иазгәашәҭеит аҳәаанырцәтә ҭаарақәа рацәаны ишымҩаԥгаз. Урҭ анаҩсҟа срылацәажәап. Арҭ аныҟәарақәагьы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ацхыраарала имҩаԥысуеит, уи азы даара иҭабуп ҳәа ҳҳәоит.

Жәаҳәарада, акыр зҵазкуа усуп, иахьатәи ҳаиԥылара ихадоу ахҭысқәа иреиуоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи рыбжьара 2026-2027 шықәсқәа рзы аконсультациақәа рыплан анапаҵаҩра. Ари Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбараҭқәа реимадара даара иинтенсивтәу, иҳараку азанааҭтә ҟазшьа шрымоу, еснагь аиҩызаратә, аидгыларатә цәаныррақәа рыла ишыҵаҵӷәырку даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит. Уи гәаартыла ҭабуп ҳәа ахаҳҳәаауеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: