Аделегациа аилазаара иалоуп: Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, аминистр ицхырааҩ Дмитри Амҷба, астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганба, Афинанс-плантә департамент аиҳабы Владимир Ҳашыг, Аҳәынҭқарратә ԥкаанҵа Адепартамент ареферент Саид Ҭарба.
Иазгәаҭоуп ареспублика ахада Алан Гаглоеви, атәыла АдәАР ахада инапынҵақәа назыгӡо Ахсар Џьиоеви, Апарламент адепутатцәеи егьырҭ аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи рԥыларақәа.
Аиҿцәажәарақәа рҳәаа иҭагӡаны 2026-2027 шықәсқәа рзы Аԥсны АдәАР-и Аахыҵ Уаԥстәыла АдәАР-и рыбжьара аконсультациақәа Рыплан анапы аҵаҩхоит.
Аусуратә ныҟәараан Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы аилацәажәара мҩаԥигоит. Уи аан аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев Ацҳаражәҳәарҭа имҩаԥнаго аусура азы аҳасабырба ҟаиҵоит.
Аҭаара жәабран 19 рҟынӡа имҩаԥыслоит.