Ажәабжь ҿыцқәа
8 April 2022 659
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аконституциа амшныҳәа.
4 April 2022 609
Барзаниа Алхас Херсон-иԥа, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩыс иҟаз, Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩыси Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациатә шәарҭадареи жәларбжьаратәи аусеицуреи русхк аганахь ала ахаҭарнак ҷыдаси дҟаҵоуп.
2 April 2022 470
Аԥсны аинвестициақәа ралагаларазы ихьазырԥшуа Афорум аатит Шәача асасааирҭа "Hyatt Regency Sochi" аҿы асабша, мшаԥы 2 рзы.
1 April 2022 415
Урыстәыла Мраҭашәара иадҟанаҵалаз асанкциақәа ирыхҟьаз агеополитикатәии аекономикатәии ҭагылазаашьақәа Аԥсны аекономикахь аинвестициақәа ринтерес цәырыргеит.
29 March 2022 476
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр Аҟәа иаартын аҩаша хәажәкыра 29 рзы.
28 March 2022 637
Аԥсны ААР иаднакылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломатиатә академиахь рҭаларазы адокументқәа рыдкылара.
25 March 2022 1173
Хәажәкыра 25 азы Москва имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ, ахада Иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Пескови реиԥылара.
22 March 2022 626
Иахьа Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынба усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит.
21 March 2022 631
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров имшира идиныҳәалеит.
18 March 2022 360
Ареспублика Ҟрыми Севастополи Урыстәыла радларазы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥысижьҭеи аа-шықәса аҵреи Урыстәыла Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә аоперациа адгылареи ирызкыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны хәажәкыра 18 азы. Аконцерт иалахәын жәлар рансамбльқәеи аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Ольга Кормухинеи.