Сҭампыл имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц напхгара ззиуаз аԥсуа аделегациеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи реиԥылара.
Аиԥылараҿы Ҭырқәтәылатәи Аԥсны Ахаҭарнакра имҩаԥнаго аусқәа ирызкны азҵаарақәа ирылацәажәан. Ирзааҭгылан ԥхьаҟатәи аусеицуреи аиҿцаареи рхырхарҭақәа, иара убас Аԥсни Ҭырқәтәылеи ирыбжьоу акультуратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакреи Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәыла аконсул Хада Андреи Буравови реинырра азҵаара хшыҩзышьҭра азуын.
Аиԥылара алҵшәақәа рыла, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи уи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхәа Лазбеи аҳаирбаӷәазахь аделегациа алахәылацәа наскьаргеит.
Абри ала Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа официалла Шьамтәылатәи Арабтәи Республика раҭаара хыркәшахеит.