Жәларбжьаратәи аконференциа азы

Жәларбжьаратәи аконференциа азы
4 June 2024 409

Рашәара 4, 2024 шықәсазы имҩаԥысит иҿыцу, ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа руниверситетқәа Рассоциациақәа ронлаин конференциа. Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Александр Ватаман аконференциа аартра далахәын.

Ватаман алахәылацәа рахь ихы нарханы иҳәеит ҩ-ганктәи аинырреиԥш ауниверситетқәа Рассоциациа аҳәаақәа ирҭагӡаны аиныррагьы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара адоуҳатә, акультуратә, аҵаратә еимадарақәа ишырзырхоу.

Аконференциаҿы рнапы аҵарҩит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҳәынҭқарратә университетқәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: