Ажәабжь ҿыцқәа

17 April 2021 550 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа русқәа рзи аминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ахьыԥшымра амш 75-шықәса ахыҵра инамаданы.
9 April 2021 760
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы мшаԥы 9 рзы имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу МККК амиссиа ахада Маттиас Ваинраихи реиԥылара.
8 April 2021 601 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изынаишьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев, Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа адкылара амш 20 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
Урыстәылеи Аԥсни Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩыс иҟоу Альба Асусена Торрес Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.
Хәажәкыра 25-26, 2021 шықәсазы Женева имҩаԥысит изаамҭанытәиу Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 52-тәи рраунд. Иара иалахәын: Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, ЕАА, ООН, ОБСЕ, ЕС аҟынтәи ацхантәаҩцәа.
26 March 2021 533 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла  ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев имшира идиныҳәалеит.
15 March 2021 1244
Хәажәкыра 15 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Дамск диԥылеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Иементәи аԥсылмантә республика ацҳаражәҳәаҩ Абдулла Али Сабри.
15 March 2021 1007 Анотақәа
Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба дидныҳәалеит.Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
15 March 2021 987
Ҳаҭыр зқәу Даур Вадим-иԥа! Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит шәымш ира.
5 March 2021 526 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин имшира идиныҳәалеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: