Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәыла иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкеси реиԥылара мҩаԥысит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәыла иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкеси реиԥылара мҩаԥысит
2 February 2026 61

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә ныҟәараан имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистри Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкеси реиԥылара.

Аиԥылара рхы аладырхәит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Урыстәылатәи Афедерациаҟны аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцуразы аусбарҭа Адепартамент аиҳабы Сариа Џьапуаԥҳа.

Аиҿцәажәараан аминистр венесуелатәи аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит адипломатиатә миссиақәа рыҩаӡарагьы уахь иналаҵаны адгылара ахьрырҭо, аусуратә еимадара ӷәӷәақәа ахьрымоу азы.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан ааигәа Венесуела аҭыԥ змаз ахҭысқәа.

Олег Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҩызаратә тәылаҿы имҩаԥысуаз аҩныҵҟаполитикатә хҭысқәа хшыҩзышьҭрала дышрыцклаԥшуаз, иҳәеит Аԥсны ажәлар закәанла иалхыз аиҳабыра адгылара рырҭап ҳәа агәра ганы ишыҟаз.

"Ҳара, иҭахаз Венесуела ахьчаҩцәа ргәалашәара ҳаҭыр ақәаҳҵоит. Аконституциатә еиҿкаара адгыларазы иахәҭоу аҳәамҭақәа зегьы ҟаҳҵеит, хаҭала, ҳаидгылара аарԥшразы иаҭахханы иҟалар анеира ҳазхиоуп", ҳәа азгәеиҭеит Олег Барцыц.

«Делси Родригес аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа назыгӡо лаҳасаб ала лҭоубашьҭаҵара ацеремониа гәахәарыла ҳахәаԥшуан, атәылаҿы аҭагылазаашьа ахьҭышәынтәалаз ҳгәы шьҭнахуеит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп анапхгара ҿыц рполитика аҳәынҭқарратә институтқәа рырӷәӷәаразы амаҵ шауло», ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы.

Ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкес Венесуелазы имариам аамҭақәа раан Аԥсны Аҳәынҭқарра апринципра злоу, зҽызымԥсахуа адгыларатә позициа ахьаанарԥшыз азы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.

"Боливариантәи ареволиуциеи ҳхақәиҭтәҩы Симон Боливар аиашареи, асуверенитети, акзаареи рзы иидеиақәеи аԥышәара дуқәа ирхысит, аха, убри аан зегьы иаҳбарҭахеит, дара ҩаԥхьа ажәлар адгылара ду шрырҭоз. Ҳконституциатә шьҭреимдара еиԥҟьара ақәым, венесуелаа зегьы рразҟы аиӷьтәразы ҳинститутқәа рырӷәӷәара ԥхьаҟагьы иацаҳҵоит» ҳәа азгәеиҭеит адипломат.

Ацҳаражәҳәаҩ ҷыдала инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳаҭыреиқәҵареи азеиԥш принципқәеи шьаҭас измоу жәларбжьаратәи азини ажәларқәа рхалахатәҳәаақәҵаразы рзини рыхьчараз Аԥсни Венесуелеи реидгыларатә еизыҟазаашьақәа рыхәшьара шыҳараку.

«Ҳара ҳзы Аԥсны апартниортә тәыла ҳәа адагьы, аиашьаратә тәыла, зымҩа бзианы еилаҳкаауа, пату зқәаҳҵо аиашьаратә милаҭ ҳәа иаҳшьоит. Ҳара ҩ-ганктәи ҳаимадарақәа реиқәырхара адагьы активла рырҵаулара ҳҽазаҳшәоит. Гәҭакыс иҳамоуп ҳаизыҟазаашьақәа иҿыцу аҩаӡарахь рхагалара. Венесуела еснагь иаартуп еицаҳзеиԥшу анаплакқәа рзы адиалоги наҟ - ааҟтәи аинвестициақәа реизырҳареи рзы», - иҳәеит иара.

Адипломат ишьақәирӷәӷәеит Венесуела шазыхиоу наҟ-ааҟтәи аинтерес зҵоу азҵаарақәа зегьы рзы аԥсуа гани иареи жәларбжьаратәи аплошьадкақәа рҿы реинырра.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан ҩ-ганктәи аԥсны-венесуелатә еизыҟазаашьақәа, урҭ рырӷәӷәаразы аҩ-ганктәи агәҭакқәа аарԥшын.

Аминистр ас еиԥш апроектқәа аԥсҭазаараҿы аҭыԥ рымазаареи аганқәа рзы рыфеидареи агәрагара рзааирԥшит.

Иара убасгьы ишьақәырӷәӷәан жәларбжьаратәи аренаҿы еишьашәаларыла аусеицуразы наҟ-ааҟтәи аҽазышәарақәа шыҟоу, Аԥсни Венесуелеи рыбжьара аусеицура практикала арҵауларазы амҩатә хсаала азырхиаразы аиқәшаҳаҭра иазкылсын.

Анаҩстәи ашьаҿақәа рзы апозициақәа асинхронизациа рызун, Аҟәеи Каракаси рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа аиҿцәажәареи астратегиатә партниорра арҵаулареи аганқәа рыҩбагьы шазыхиоу шьақәырӷәӷәан.

Москва иҟоу Венесуела Ацҳаражәҳәарҭаҿы аиԥылара мҩаԥысит аԥхарра аҵаны, аиҩызаратә ҟазшьа аманы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: