Атәыла алаларазы азин

Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан «Аԥсны Аҳәынҭқаррахь алалареи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟынтә алҵреи рзы» инақәыршәаны 01.04.2016 шықәса инаркны иалагалахоит Аԥсни егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи, зыбжьара визада аиҭанеиааиразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа ыҟам аҳәаанырцә тәылақәа ртәылауаа рзы авизатә режим.Инарҭбааны…

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь визада алалара арежим ахь иаҵанакуеит абарҭ атәылақәа ртәылауаа:

  • Урыстәылатәи Афедерациа
  • Ареспублика Никарагуа
  • Ареспублика Тувалу
  • Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика
  • Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика.

Уи адагьы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟа «Аҳәаанырцәтәылауаа ркатегориақәак Аԥсны Аҳәынҭқаррахь визада ралаларазы» инақәыршәаны ишьақәыргылоуп визада Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь визада алалара азин змоу аҳәаанырцәуаа ркатегориақәа:

  1. аҳәаанырцәтәылауаа – Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь еиҿкаау аекскурсиатә гәыԥ иаланы иаауа, 24 сааҭ рыда ара иаанымхо аекскурсантцәа (Қырҭтәыла атәылауаа рыда);
  2. Ареспублика Беларуси Ареспублика Ҟазахстани ртәылауаа – ҩымчыбжь иреиҳамкәа атуристтәи ма аусутәи хықәкқәа рыманы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь иҭало;
  3. аҳәаанырцәтәылауаа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь аенергосистема аобиектқәа рҟны амашәырқәа раԥыхразы, аремонт-профилактикатә усурақәеи аусрура-еиқәыршәаратә усурақәеи рымҩаԥгаразы хәымш иреиҳамкәа иалало;
  4. аҳәаанырцәтәылауаа, Гали Тҟәарчали араионқәа рҟны иҟоу аенергосистема агенерациатә обиектқәа рҟны аусура шықәсык аҩныҵҟа амҩаԥгаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь иалало.

Алада иарбоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл ахь алаларазы азин аиҿкааразы ихымԥадатәиу аҭахрақәа реиқәыԥхьаӡа:

  • азыҳәа ҟазҵаз ипаспорт ахкьыԥхьаа (електронтә ԥошьҭала иаашьҭу). Убри аан игәаҭатәуп Аԥсны Аҳәынҭқаррахь алалара фымз шагу апаспорт аҿҳәара нҵәоу инымҵәоу.
  • аелектронтә ҟазшьала ихарҭәаау анкета. Анкета ахы инаркны аҵыхәанӡа ихарҭәаатәуп. Иахәҭаны иҟоу аинформациа аҟамзаараан анкета иахәамԥшыр алшоит.

Анкета ахьынашьҭтәу аелектронтә ԥошьҭа адрес: visa@mfaapsny.org

Азыҳәа аус адуларазы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә маҵзура аӡбра аднакылоит адокументқәа анаашьҭха ашьҭахь 7 мшы рыҩныҵҟа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь изныкымкәа иалало рзы ахәаԥшратә аамҭа ркьаҿхоит хәымш рҟынӡа.

Ишәоуа азҵаарақәа рыҭира ҟалоит абри аҭел ахь: +7 840 226 39 48 (раб.)

Аԥсны алаларазы азин (ашьақәырӷәӷәара) анкета ахьынтәаашьҭыз аелектронтә ԥошьҭахь инашьҭхоит.

ИХЫМԤАДОУП:Аԥсны Аҳәынҭқаррахь шәшааилак Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә маҵзурахьы хымш рыҩныҵҟа шәыдгылароуп авиза аиуразы.

АКРАҴАНАКУЕИТ: Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсны-қырҭтәылатә ҳәаа ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥқәа аус руеит ашьыжь асааҭ 8 инаркны ахәылбыҽха асааҭ 7 рҟынӡа.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә маҵзура абарҭ авиза хкқәа рнаҭоит:

  • изныктәу;
  • икырынтәу.

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АЛАЛАРАЗИ АВИЗА АИУРАЗИ АЗҴААБӶЬЫЦ

АФОРМАТ JPG АЛА АТӘЫЛАУАҨШӘҞӘЫ АХКЬЫԤХЬАА:
АЖӘЛА:
АХЬӠ, АБХЬӠ:
АХАҴА/АԤҲӘЫС:
АИРА АРЫЦХӘ:
шәахьииз аҭыԥхьыӡ:ақалақь/атәыла
АТӘЫЛАУАҨРА:
АҼА ТӘЫЛАУАҨРАК:
АТӘЫЛАУАҨШӘҞӘЫ АДЫРРАҚӘА:
АТӘЫЛАУАҨШӘҞӘЫ АНОМЕР:
ИАНИ(ЛЫ)ҬОУ АРЫЦХӘ:
АҾҲӘАРА АМОУП:
ИАХЬИ(ЛЫ)ҬОУ АҬЫԤ:
И(ЛЫ)ЗҬАЗ:
АҬААЦӘАРАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬА:
Ф.И.О СУПРУГА / СУПРУГИ:
ДАТА, МЕСТО И СТРАНА РОЖДЕНИЯ СУПРУГА / СУПРУГИ:
date
ақалақь/атәыла
ИААИԤМЫРҞЬАӠАКӘА АНХАРҬАҬЫԤ:
ақалақь/атәыла
амҩаду/ауада/аҩны
аҭел
аелектронтә адрес
АУСУРҬА И(ЛЫ)ЗҬО:
PLACE OF WORK / POSITION:
NAME / EMPLOYER'S NAME AND ADDRESS:
ақалақь/атәыла
амҩаду/ауада/аҩны
аҭел
аелектронтә адрес
УААНӠА АԤСНЫ У(БЫ)ҞАЗМА?дыҟазар, ианба? Арыцхә (аҟазаара ахықәкы) аҭыӡҭыԥ
АԤСНЫҞА ААРА АХЫҚӘКЫ:аԥсныҟа аара амзызқәа нарҭбааны, адкылара ҟазҵо ахаҿы и(л)ҭыӡҭыԥ, иара убасгьы Аԥсны дынхарц дахьыҟоу аҭыԥ
АԤСНЫ И(ЛЫ)ҞАЗААРА АҾҲӘАРА:инаркны рҟынӡа
АТРАНСПОРТТӘ ХАРХӘАГА:атранспорт еиҿкаарак иахатәызар, аиҿкаара арбаны
АҲӘАА АХЫСЫРҬА АҬЫԤ:
АИМАДАРАЗЫ E-MAIL:шәара ишәтәу аелектронтә адрес ала аҭак шәзынарышьҭуеит

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: