Аекзекватура
Аекзекватура
· Аекзекватура - официалтә документуп, адкылара ҟазҵо атәыла аиҳабыра аҳәаанырцәтә консул дшазханаҵо шьақәнарӷәӷәоит.
· Аекзекватура аҭарала ихыркәшахоит аконсул дахьнеиз атәылаҿ аусура иалагаразы аккредитациа изыҟаҵара апроцесс. Аекзекватура иаҵанакуеит аконсул дназышьҭыз аҳәынҭқарраҟынтә аконсултә патент имазаара. Аекзекватура атекст аҿы иҳәаақәҵахар ҟалоит аконсул изинмчра ахьалшо аконсултә округ аҳәаақәеи аилазаареи, аконсултә орган аҳәаақәа арбахоит хаз иго адипломатиатә шәҟәеимдараҟны.
· Аекзекватура адкылара зуа атәыла ахада (аԥыза министр ма адәныҟатәи аусқәа рминистр) инапынҵамҭеи имҳәыри ақәуп.
· Адипломатиатә практика инақәыршәаны аекзекватура аҭара мап ацәызкуа, адкылара ҟазҵо аҳәынҭқарра уи мзызны иамоу азгәанамҭар азин амоуп.