Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны ахада идҵа № УП-149 (06.11.2006) «Аԥсны Аҳәынҭқарра иаку адәныҟаполитикатә усура амҩаԥгараҿы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акоординациатә роль азы» инақәыршәаны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рнырра аус мҩаԥызго усбарҭоуп.
05.12.2021 475
Ԥхынҷкәын 4 азы италиатәи ақалақь Ламециа -Терме аҿы имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи адипломатиатә системаҿ» аӡыргара.
03.12.2021 519
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Ҭамила Мерцхәылааи аиԥылара мҩаԥыргеит.
03.12.2021 820
Қырҭтәыла уаанӡатәи ахада М. Саакашьвили аӡбарҭатә процесс аан иажәақәа азхьаԥшра рысҭоит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аокеан ҭынч арегион иатәу тәылақәак иахьазхарҵаз азҵаара далацәажәо Саакашьвили ари цәгьоуроуп, аҳәаанырцә атәылақәак рнапхгаҩцәа аҵарҭыша рыҭароуп иалзыршаз ҳәа иҳәеит. Убри аан иара дызлацәажәоз Аокеаниа атәылақәа – Науру, Тувалу, Вануату роуп.
03.12.2021 707
Ԥхынҷкәын 3, 2021 шықәсазы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденкои Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы аԥснытәи аделегациа ахада Иракли Ҭыжәбеи еиԥылеит.
03.12.2021 854
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.
02.12.2021 844
Ԥхынҷкәын 2 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аиԥылара мҩаԥыргеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини.
30.11.2021 437
Абҵара 29 азы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аусура мҩаԥызго жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхадацәеи реиԥылара. Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба ари аиԥылара аихшьаалақәа рыла ахҳәаа аиҭеит.
29.11.2021 466
Абҵара 29 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аусура мҩаԥызго жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхадацәеи реиԥылара. Аиԥылара иалахәын аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы Адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа.
28.11.2021 684
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндрес имшира инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
25.11.2021 635
Боливариантәи Ареспублика Венесуела жәлар рымчра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Феликс Пласенсиа Гонсалес Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит.
22.11.2021 944
2021 шықәса абҵара 2 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟа инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа Никарагуа ишьаҭаркуп.
22.11.2021 731
Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә аџьынџьуаа русқәеи рминистр, адоктор Феисал Микдад Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имаҵура ҿыц аҿы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит.
22.11.2021 1018
Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндрес Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит.
Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит.
Аашьҭымҭаҿы иҳәоуп:
18.11.2021 537
Абҵара 18 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив аминистр ҿыц Инал Арӡынба дыдирдырит.
Абҵара 16 азы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 55-тәи рраунд аламҭалаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Тоиво Клаар, Џьихан Султаноглу, Анника Сиодер Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиԥылеит.
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа VII аизара ду мҩаԥысит абҵара 14 рзы Измиҭ ақалақь аҿы. Аизара ду иалахәын Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа зхадараҿы дыҟаз аԥсуа делегациа. Аделигациа иалахәын: Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилак ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Аԥсны ААР аусзуҩ Инвер Алшәындба, Аԥсны ААР анапынҵа ҷыдақәа рзы ацҳаражәҳәаҩцәа Инар Гыцбеи Алиас Асабуеи.
07.11.2021 945
Абҵара 7 рзы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Никарагуатәи иколлега Денис Монкадеи реиԥылара.