Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела ахьыԥшымра алаҳәара 216-шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит

Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела ахьыԥшымра алаҳәара 216-шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит
21 April 2026 82

Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала атәыла ахьыԥшымра алаҳәара 216 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.

Аныҳәа иалагеит Каракас, Боливар ихьӡ зху ашҭаҿы, Каракас ақалақь ахада, афлот адмирал Кармен Мелендес напхгара зылҭаз ашәҭшьҭаҵара ацеремониала.

Ашәҭқәа анышьҭарҵа ашьҭахь иааԥхьаз асасцәа Амуниципалтә хеилак ахь ииасит. Санта-Роса аҭоурыхтә ныҳәарҭаҿы америкатәи аконтинент алахьынҵа зыԥсахыз афырхацәа рыхьӡала ажәахәқәа ҟарҵеит.

Уажәтәи агәырӷьарақәа мҩаԥысуан зымҽхак ҭбаау аграждантә акциа - Аҳаџьра ду «Асанкциақәа рыда Венесуелеи адунеи зегь аҿи ҳааӡәыкуп» инаваргыланы. Ари аԥшьгамҭа атәыла аҵакыра зегьы амҽханакит. Аныҟәара алахәылацәа Каракас инеиуеит ҳәа ирзыԥшуп лаҵара 1 азы, уаҟа имҩаԥгахоит агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рцикл хзыркәшо аидгылареи адоуҳатә акзаареи ракт ду.

Аофициалтә церемониақәа ирылахәын Венесуела аккредитациа змоу амилаҭтә мчрақәа рхаҭарнакцәеи адипломатиатә корпус алахәылацәеи.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: