Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит Урыстәылеи Венесуелеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара 81-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥга

Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит Урыстәылеи Венесуелеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара 81-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥга
17 March 2026 79

Хәажәкырамза 16, 2026 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров иааԥхьарала Урыстәылеи Венесуелеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара 81-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.

Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хили Каракас иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасарови ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Амилаҭтә пантеон аҿы – Ахақәиҭтәҩы Симон Боливар иҭоубыҭ амҵан.

«81 шықәса рышьҭахьгьы ҳара иаабоит аусеицуреи Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәа ақәныҟәареи рыла мацара узиааиша иуадаҩу адунеитә ҭагылазаашьақәа. Урыстәылеи Венесуелеи аиашьаратә жәларқәеи астратегиатә партниорцәеи ҳакәны ҳаҟоуп. Ҳара, Аиҩызцәа ргәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны ЕАР Аԥҟаԥҵәа ахьчаразы иаку фронтны ҳақәгылоит, ԥсахрада ҳазықәԥоит ахырхарҭарацәатә дунеи ашьақәыргыларазы. Ҳусеицура ԥхьаҟагьы иацҵахоит", ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Венесуела АдәАР ахада.

Иван Хили Сергеи Мелик-Багдасарови ишьақәдырӷәӷәеит аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аиҩызареи акраамҭатәи аусеицуреи ԥгара шрықәым.

Заур Ӷәаџьаа Сергеи Мелик-Багдасаров агәалашәаратә рыцхә идиныҳәалеит, ари аҭоурыхтә аамҭа аҵак ҷыда шамоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аусмҩаԥгатә иалахәын адипломатиатә миссиақәа рхадацәеи Венесуела аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәеи, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәеи, иара убас АИХқәа рхаҭарнакцәеи.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: