Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров иааԥхьарала Урыстәыла адипломатиатә усзуҩы Имш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Каракас, апарк «Есекиель Самора» аҿы имҩаԥысит аурыс поет ду Александр Пушкин ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.
Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Сергеи Мелик-Багдасарови урыстәылатәи адипмиссиа аколлективи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Ацеремониа иара убасгьы иалахәын Ареспублика Беларусь ацҳаражәҳәаҩ Дмитри Деревински, Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Едуард Соколов, Венесуела АдәАР-еи АИХ-қәеи рхаҭарнакцәа.