Жәабранмза 20, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчра змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, зхы иақәиҭу ауаа Реинрал Аугусто Сесар Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 92-шықәса аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Ацеремониа иахагылеит Никарагуа Ацҳаражәҳәаҩ Валезка Лопес, Латинтәи Америка азҵаарақәа рзы аҳәаанырцәтәи аусқәа рзы жәлар рымчра Аминистр ихаҭыԥуаҩ Рандер Пениа, Венесуела ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Альфредо Руис Ангуло.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит адипломатиатә миссиақәа рхадацәеи Венесуела аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәеи, Венесуела аҳәаанырцәтәи аусқәа рзы жәлар рымчра Аминистрра ахаҭарнакцәеи, амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәеи, егьырҭ ҳаҭыр зқәу асасцәеи.
«Зхы иақәиҭу ауаа Реинрал» ҳәа аҭоурых ианылаз Никарагуатәи ареволиуциатә ԥхьагыла Аугусто Николас Кальдерон Сандино диит лаҵарамза 18, 1895 шықәсазы. XХ ашәышықәса актәи азбжазы америкатәи ампыҵахаларатә ар хацәынмырха данырҿагыла ашьҭахь, 1934 шықәса жәабран 21 ауха ицеибашьуаз иҩызцәа иашақәеи иареи ҭадырхеит.