Жәабранмза 19, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасарови Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы иҟоу атәылахьчара азҵаарақәа рзы атташе аполковник Сергеи Надежкини рнаԥхьарала, Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазкыз аҳәынҭқарратә дкылара ихы алаирхәит.
Асасааирҭа Gran Melia Caracas аҿы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә аҿы асасцәа аԥсшәа раҳәо дықәгылеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Сергеи Мелик-Багдасарови Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аколлективи иааиуа аныҳәа – жәабран 23 рыдиныҳәалеит, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә партниорреи реимадара азгәеиҭеит.
Адкылара иалахәын Венесуела аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәеи адипломатиатә миссиақәа рхадацәеи, Венесуела АдәАРеи Атәылахьчара аминистрреи рнапхгарақәа рхаҭарнакцәеи, иара убас атәыла еиуеиԥшым аусбарҭақәеи аҳәынҭқарратә институтқәеи рофициалтә хаҿқәи.