2020 шықәсазы аиндаҭлара «Аԥсны агәадура» аҟны иаиааииз ахәҩык ируаӡәку Абзагә Ҵәыџьба Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа пресс-маӡаныҟәгаҩыс дҟаҵоуп.
Абзагә Ҵәыџьба аҵара иҵоит жәлар рынхамҩеи аҳәынҭмаҵзуреи рзы Урыстәылатәи Академиа аспирантураҿ.
Адипломатиатә Хаҭарнакра апресс-маӡаныҟәгаҩ АИХқәа рнырра, ауснагӡатәқәа реиҿкаара, асаит амҩаԥгара уҳәа инапы иануп.
Абзагә Ҵәыџьба Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа пресс-маӡаныҟәгаҩыс дҟаҵоуп
16 March 2022 816