Александр Ватаман онлаин-конференциа «Приднестровие-35 шықәса жәларбжьаратәи акоординатқәа рсистемаҿы» ихы алаирхәит

Александр Ватаман онлаин-конференциа «Приднестровие-35 шықәса жәларбжьаратәи акоординатқәа рсистемаҿы» ихы алаирхәит
22 December 2025 78

Ԥхынҷкәынмза 19 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман онлаин-конференциа «Приднестровие - 35 шықәса жәларбжьаратәи акоординатқәа рсистемаҿы» ихы алаирхәит.

Онлаин-конференциа еиҿнакааит Приднестровие адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак, уи аус ауеит ПМР адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ацхыраарала.

Онлаин-конференциа аусура иалахәын: ПМР иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Александр Ватаман, Приднестровие иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла аофициалтә Хаҭарнакра аиҳабы Витали Ианковски, Аԥсны иҟоу Приднестровие аофициалтә Хаҭарнакра аиҳабы Гарри Кәпалба, Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Приднестровие аофициалтә Хаҭарнакра аиҳабы Алан Плиев, Приднестровиеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа русзуҩцәа, Аԥсны АдәА рминистрреи Аахыҵ Уаԥстәыла АдәА Рминистрреи рҟны аус зуа адипломатцәа ҿарацәа реидгылақәа рлахәылацәа, Приднестровие адипломатцәа ҿарацәа Реидгыла.

ПМР иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман иҳәеит «2014 шықәса раахыс аобиективтә мзызқәа ирыхҟьаны Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи ганрацәалатәи рҳәынҭқаррабжьаратә еинырра шылаҟәыз. 2022 шықәса раахыс аделегациақәа русуратә визитқәеи реиҭныԥсахларақәеи рхыԥхьаӡара еиҵахеит. Иахьатәи аамҭазы шамахамзар иҟаӡам ахәаахәҭра, акультуреи аспорти рҟны аусеицура, иаалырҟьаны еиҵахеит Аԥсны иаҭаауаз приднестровиаа рхыԥхьаӡара. Убри аан, ареспубликақәа русеицура мҩаԥысуеит. Уи мҩаԥысуеит онлаин еиԥыларақәа рформат алагьы, Аԥсны ма Урыстәылатәи ақалақьқәа рҿы аусуратә еиԥыларақәа раангьы» ҳәа.

Адипломат иазгәеиҭеит: «Аԥсни Приднестровиеи иреиҳаӡоу рнапхгареи ареспубликақәа русбарҭақәа рнапхгаҩцәеи иҟарҵоз адгылареи Аԥсни Приднестровиеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа русуреи ишрылдыршаз ҳреспубликақәа русеицуразы иахьа иҟоу алшарақәа реиҳарак рхархәара. Арҭ алшарақәа рынагӡаразы ареспубликақәа реинырра азеиԥш процесс активла рхы аладырхәуеит атәылақәа рдипломатиатә Хаҭарнакрақәа».

Приднестровие иҟоу Аԥсны аофициалтә Хаҭарнакра иахьазы иҟоу аҭагылазаашьақәа раан инанагӡоит Аԥсны АдәАР иқәнаргыло адҵақәа, Ахаҭарнакра иаду анапынҵақәеи аҭакԥхықәрақәеи зегьы.

ПМР иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра аусураҿы ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп акрызҵазкуа аҳәынҭқарратә ныҳәақәеи Аԥсны агәалашәаратә рыцхәқәеи ирызкны Ахаҭарнакра аофис аҿы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи аиԥыларақәа реиҿкаареи. Сынтәа урҭ рыхәҭак Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкын.

«Приднестровиатәии Аԥснытәии адипломатиа аҵыхәтәантәи 30 шықәса аҭыԥ змаз реицҽазышәарақәа, аиашьаратә республикақәа ганрацәала русеицуразы ашьаҭа ӷәӷәа шьҭарҵеит. Агәра ганы сыҟоуп, аринахысгьы, адипломатиатә усбарҭақәа русзуҩцәа, шәара уахь шәналаҵаны, русура Аԥсни Приднестровиеи еиуеиԥшым реинырратә усхкқәа рҟны ҩ-ганктәи аимадарақәа реизырҳара шалдыршо ҳаиҩызаратә жәларқәа реизҳазыӷьаразы», - иҳәеит Александр Ватаман.

Аконференциа амҩаԥгараан иалацәажәан Аԥсни, Приднестровиеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны адипломат ҿарацәа Реидгылақәа русура шцо азы аинформациа.

Аиԥылара иалҵшәахеит Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Приднестровиеи рдипломатцәа ҿарацәа Реидгылақәа рҳәаа иҭагӡаны аусеицура ацҵаразы аиқәшаҳаҭрақәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: