Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы Урыстәыла иҟоу аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа «Аиҩызара аорден» ианашьара иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысит. Аҳамҭа ианеишьеит Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев. Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа ихы алаирхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба.
Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Ахада Алан Гаглоев инапы зҵаиҩыз Аусԥҟаҿы иазгәаҭоуп:
“Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы иҟаиҵаз аусқәеи, хра злоу адипломатиатә усмҩаԥгатәқәеи рзы, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Кәыҵниа Алхас Алықьса-иԥа «Аиҩызара аорден» ианашьоуп”.
Алхас Кәыҵниа аҳамҭа ҭабуп ҳәа ахиҳәааит, ҳажәларқәа реизҳазыӷьаразы аусеицура аҵак ду шамоу азгәеиҭеит, уи регион аҿы аҭышәынтәалареи аҿиареи иацхраауеит ҳәа азишьеит.
Ацеремониа хыркәшахеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аринахыстәи русеицуреи реимадара арӷәӷәареи рԥеиԥшқәа рзы агәаанагарақәа реимдарала.