Иапониа аиааира агәалашәаразы Еидҵоу Аиҿкааратә Еилакы ааԥхьарала, Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Иапониа аиааиреи Аҩбатәи Адунеизегьтәи Аибашьра аилгара 80 шықәса аҵреи ирызку ацеремониатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит иара убас Афедерациатә Хеилак асенаторцәа, Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа, афедералтәи арегионалтәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аҵарадырратә центрқәа рнаԥхгаҩцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, Иапониа агрессиа иаҿагылази амилитаристтә Иапониа аилаԥыххара иалахәызи атәылақәа рҟынтәи аҳәаанырцәтәи ацҳаражәҳәаҩцәа.
Аколоннатә зал асценаҿы аныҳәатә ҭагылазаашьа аманы, Еидҵоу Аиҿкааратә Еилакы алахәыла Иан Бурлиаи Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа агәаларшәаратә медал «Иапониа аиааира агара 80 шықәса ахыҵуеит» ианеишьеит.
Аҭактәи ажәахә аҿы Алхас Кәыҵниа еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит акрызҵазкуа ари арыцхә, иазгәеиҭеит "иарбанзаалак аибашьраҿы аиааира зегьы ишрыцку", иара убасгьы агәыӷра ааирԥшит ҳазҭоу ашықәс азы Аиааира 80 шықәса ахыҵраан Урыстәылатәи Афедерациа Арратә операциа ҷыда азонаҿы даҽа иааирак азгәанаҭап ҳәа.Уаанӡа, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа, Урыстәыла арратә хьӡы-ԥша Амш – амилитаристтә Иапониа аиааиреи Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра аилгареи ирызкыз агәалашәаратә церемониа рхы аладырхәит. Манежнаиа ашҭаҿы Аиааира Апарад агорельеф амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит, афедералтә ҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи, адепутатцәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи ажәахәқәа ҟарҵеит.