Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа инапы иаиркит

Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа инапы иаиркит
19 March 2026 60

Хәажәкырамза 18, 2026 шықәсазы Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа инапы иаиркит.

Аусмҩаԥгатә ихы аладырхәит аинвестициақәеи, ахәаахәҭреи, жәларбжьаратәи аусеицуреи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега, иара убас Никарагуа аофициалтә АИХқәа рхаҭарнакцәа.

Агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа рыҭара ашьҭахь аҩ-ганк Аԥсни Никарагуеи рыбжьара аиашьареи, аусеицуреи, апатуеиқәҵареи рыҩаӡарақәа зегьы рҿы хра злоу аимадарақәа рырӷәӷәареи рырҭбаареи рацҵаразы агәҭакы шрымоу азгәарҭеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: